https://sputnik-abkhazia.info/20241011/asua-ar-aoizhei-32-shysa-it-1052548498.html
Аԥсуа ар аԥҵоижьҭеи 32 шықәса ҵит
Аԥсуа ар аԥҵоижьҭеи 32 шықәса ҵит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа... 11.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-11T11:04+0300
2024-10-11T11:04+0300
2024-10-11T11:04+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/0b/1052547341_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_7f467ac86bfa2ab836023268c27d6f11.jpg
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы "Инаӡаӡоу агәалашәара ашәҟәы" (1997) аҟны иҩуеит 1992 шықәса нанҳәа 18 рзы Владислав Арӡынба инапхгарала Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ҳәа. Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура. "Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿ иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба", — абас аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы аҟны иарбоуп. Ажьырныҳәа 8 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара — Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба — Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/0b/1052547341_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_d0cc03eae48378766307df5fa8f798e2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы "Инаӡаӡоу агәалашәара ашәҟәы" (1997) аҟны иҩуеит 1992 шықәса нанҳәа 18 рзы Владислав Арӡынба инапхгарала Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ҳәа.
"Аилак анапаҵаҟа еидкылан атәылахьчараз амчра зегьы. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩс далхын аполковник Виктор Какалиа, аштаб аиҳабыс – 1992 шықәса нанҳәа 15 рзы хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз аполковник Сулҭан Сосналиев, Гәымсҭатәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дҟаҵан амаиор Мушьни Хәарцкьиа, аполковник Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан", — иҩуеит аҵарауаҩ.
Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.
"Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿ иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба", — абас аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы аҟны иарбоуп.
Ажьырныҳәа 8 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара — Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба — Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.