Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Нанба "Лыхнашҭа" азы: гәаҳәарыла ҳазыԥшуп, ҳаԥылоит, аӡәы иашьҭахь ҳаанхом

Нанба "Лыхнашҭа" азы: гәаҳәарыла ҳазыԥшуп, ҳаԥылоит, аӡәы иашьҭахь ҳаанхом
Анапаҵаҩра
Абҵара 3 рзы аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" мҩаԥгахоит. Сынтәа 40 шықәса ҵуеит аныҳәа еиҿыркаауеижьҭеи. Аҽаҩраныҳәа мҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс, акоронавирустә пандемиа аныҟаз ада.
Бармышь ақыҭа ахада Геннади Нанба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхны имҩаԥгахо аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо, уи анхацәа шазнеиуа, сынтәатәи рыурақәа зеиԥшроу атәы.
Иара иҳәеит иқыҭуаа аныҳәа бжьамыжькәа рхы шаладырхәо, аӡәы ишьҭахьгьы ишаанымгыло.
"Анхацәа ирымоу ршәыр-рқәыр наргоит. Иааумгар ҟалом ҳәа аӡәгьы ираҳҳәом, аха ианрылаҳҳәо ныҳәаҵас иаԥылоит. Хәыҷык иаҳа заа иҟалоит ҳәа акәын ишаҳдыруаз, уажәы зегьы ҵаауеит аныҳәа анбаҟало ҳәа. Гәаҳәарыла ҳазыԥшуп, ҳаԥылоит, аӡәы иашьҭахь ҳаанхом", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аныҳәа "Лыхнашҭа" иалахәхоит Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациеи.
Аныҳәа иалахәу зегьы иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Лыхнашҭа иқәгылоит акәашаратәии авокалтәии аколлективқәа, аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, имҩаԥгахоит аҽырыҩреи амилаҭтә хәмаррақәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0