Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Беларуси атуриндустриа аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Теймураз Хишба
Теймураз Хишба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Беларусь Атриндустриазы ареспубликатә еидгыла анапхгара ахантәаҩы Филипп Гулыи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара мҩаԥысит II Жәларбжьаратәи атуроператорцәа рконгресс "Атуристтә џьармыкьа арҿиаразы аеволиуциатә драиверқәа: амодельқәа рыхкырацәареи жәларбжьаратәи аԥышәеи" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аганқәа иазгәарҭеит Аԥсныҟа Белоруссиантәи атуристцәа иаҳа-иаҳа ирацәаны иаауа ишалагаз.
Атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа алахәуп II Жәларбжьаратәи атуроператорцәа рконгресс "Атуристтә џьармыкьа арҿиаразы аеволиуциатә драиверқәа: амодельқәа рыхкырацәареи жәларбжьаратәи аԥышәеи". Аконгресс — аԥышәеимдаразы хра змоу ҭыԥуп. Уи еиднакылоит урыстәылатәи атуриндустриа ахаҭарнакцәа ԥхьагылацәеи Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла иалоу атәылақәа рҟынтәи аҳәаанырцәтә партниорцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0