Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жорданиа: актиор инаигӡо ахаҿсахьа дадукатзароуп

Жорданиа: актиор инаигӡо ахаҿсахьа дадукатзароуп
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ иалауреатхеит Ростов ақалақь аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль "Аурыс комедиа". Жьҭаара 12 рзы, атеатр Максим Горки ихьӡ зху Ростовтәи Академиатә драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа идырбан ақәыргыламҭа "Ахьча Махаз". Ари аспектакль еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы иалкаан:
"Иреиӷьу арежиссиор иусумҭа", "Иреиӷьу асахьаҭыхҩы иусумҭа"(Витали Кацәба), "Иреиӷьу ахаҵа ироль" (Саид Лазба – Махаз, Џьамбул Жорданиа – Шьаликәа), "Иреиӷьу актиортә ансамбль."
"Иреиӷьу ахаҵа ироль" аноминациаҟны иалкаахаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз актиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnikаефир аҟны еиҭеиҳәеит Ростов афестиваль шымҩаԥысыз, иџьабаа ахә ахьыршьаз ишидикыло атәы.
Ақәыргыламҭа "Ахьча Махаз" аҟны ицәтәыму, иҵоурам ахаҿсахьа аарԥшра ауадаҩрақәа изацызма ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, актиор иҳәеит ирҭо иарбан хаҿсахьазаалакгьы ихьчозароуп дукатк иаҳасабала ҳәа.
"Актиор инаигӡарц ирҭо ахаҿсахьа дадукатзароуп. Убри иҟаиҵо убас иахәҭоуп ҳәа изхыҟаиҵо изыриашар, усҟан изыманшәалахоит ароль ахәмарра. Ус дзыҟаз Шьаликәа? Избанзар ус еиԥш иҟан ақалақь аҟны иԥсҭазаара, аҵмыҳәҳәаррақәа заку бзианы идыруан азы ус иҟаз џьишьон ауаҩы иԥсабара", - иҳәеит Жорданиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0