Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба ажурналистцәа жәларбжьаратәи реицлабра иалахәхара шыҟалаз еиҭеиҳәеит

Гәынба ажурналистцәа реицлабра иалахәхара шыҟалаз еиҭеиҳәеит
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио адиректор Адгәыр Гәынба ажурналистцәа жәларбжьаратәи рконкурс номинантс дҟалеит. Ажурналисттә усумҭақәа "Аҵарадырра уаҵәашьҭахь" захьӡу Жәларбжьаратәи аицлабраҿ иалкаан 50 усумҭа 5 номинациак рҟны. Аԥсуа журналист иусумҭа аекологиатә ҵарадырра иазкын. Ҳколлега Адгәыр Гәынба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит, аицлабрахь ааԥхьара шиоуз, аусумҭа аус шадиулоз, насгьы Москваҟа ицара инаҭаз атәы.
Адгәыр дазааҭгылеит аицлабра аетапқәа ртәы, урҭ злашьақәгылоу, насгьы Москва ажурналистцәа зегьы реиԥылара ашьҭахь апроект аусура еиҭа ишацҵахо атәы.
"Урыстәыла анҭыҵ иҟоу аҳәынҭқаррақәа Аԥсны зымбац рацәоуп, убри аҟынтә сгәы иҭоуп ажәалагала аҟаҵара, ас еиԥш аицлабра ҳтәылаҿы амҩаԥгара. Уи бзиахон дара рзгьы, ҳара ҳзгьы. Ари иунаҭоит аибадыррақәа. Хаҭала атәым ҳәынҭқарраҿы инхо ауаҩы уаниацәажәо, уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа иаҳа агәра угаратәы иҟоуп. Лабҿабала аицәажәара акырӡа аҵанакуеит. Азанааҭтә ԥышәа аизырҳара, ауаа рҿы ацәырҵра, утәыла аӡыргара – ари зегьы жәларбжьаратәи аҭыԥахь анагара, зеӷьыҟам ҳәа сахәаԥшуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0