Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Леиба еиҭеиҳәеит, Аԥсны ахьа аиқәырхаразы ицо аусура атәы

Леиба еиҭеиҳәеит, Аԥсны ахьа аиқәырхаразы ицо аусура атәы
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 21 рзы Аботаникатә баҳчаҿы имҩаԥгахоит Аԥснытәи ахьабнақәа реиқәырхара иазку ацәыргақәҵа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аекологиа аекспертцәа ахьаҵлақәа аԥсабараҿы рыҟазаареи иахьа ирҭагылазаашьои ирылацәажәоит.
Аԥсны шықәсқәак ҵуеит ахьаҵлақәа ироуз акәыкәбаачымазарақәа ирыхҟьаны аныӡаара иалагеижьҭеи, иабанӡеиқәырхатәу ари аҵла, иарбан усурақәоу уи азы имҩаԥысуа, иарбан мчымхароу аекологцәа иалыркаауа, аекосистемазы ахьа ҭыпс иааннакылои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абна аԥышәаратә станциа аиҳабы Витали Леиба.
Адунеи аҿы ахьаҵлақәа ашәарҭара иҭагылоижьҭеи акрааҵуеит. Урҭ ирыхьуа ачымазара Америка, Европа иалсны Аԥснынӡа иааӡеит 1935-1940 ашықәсқәа рзы. Иахьагьы уи иҟоуп. Асовет аамҭазы ахьақәа иаҳа ирацәаны Аԥсны иахьеизҳауаз аҭыԥаҿ, урҭ рыхьчаразы, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсарра аԥҵан, уи адагьы ахьақәа аанхарцаз Аԥсны рыхҵәара азин ыҟаӡам, ҳәа еиҭеиҳәеит Леиба.
"40 шықәса раԥхьа Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абна аԥышәаратә станциаҿы ҳтәылаҿы еизҳауа ахьеи, китаинтәи иаагои рыжәлақәа рыла иалхын иҿыцу ажәлахкы. Уи иабзоураны Аԥсны еизырҳауп ачымазара змам ахьаҵлақәа. Ус еиԥш иахьа шьҭа имаҷӡам Аԥсны иҟоу. Урҭ ажәлақәа рылхны, аҳәарԥсарраҿы иааӡаны, ахьаҵлақәа реизырҳара аус цоит астанциаҿы иахьагьы", ҳәа еиҭеиҳәеит Леиба.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0