https://sputnik-abkhazia.info/20241023/putin-briks-alakhylatsa-eitskhytsua-tylaoup-a-rzieit--1052641765.html
Путин БРИКС алахәылацәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит
Путин БРИКС алахәылацәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин БРИКС иалахәу асуверентә тәылақәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит. Абри атәы... 23.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-23T13:40+0300
2024-10-23T13:40+0300
2024-10-23T14:00+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/02/1049724501_0:320:3071:2047_1920x0_80_0_0_3fe98e52b7b5b979e447e8136dee0572.jpg
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин БРИКС иалахәу асуверентә тәылақәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит. Абри атәы кьыԥхьуп РИА Новости асаит аҟны. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит БРИКС иалахәу атәылақәа зегьы аиҟарареи, агәылеимабзиареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аиҩызареи, аҳәоуеиқәшәареи рзы аидеал ҳаракқәа рышьақәыргылареи, реизҳазыӷьареи ишрыдгыло. "Урҭ ажәала акәымкәа, усла адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра аадырԥшуеит, ииашаҵәҟьаны адунеизегьтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рганахьала аҭагылазаашьа хра аманы анырра арҭоит, иҵару арегионалтә проблемақәа рыӡбараҿы алагала ду ҟарҵоит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
https://sputnik-abkhazia.info/20241022/urystylei-alada-afrikei-iiashou-ayncheikaara-aara-iadgyloit-a-ieit-putin-1052636151.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/02/1049724501_59:0:2788:2047_1920x0_80_0_0_7a5890a943a90fdcb13e51207d85651a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин БРИКС алахәылацәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит
13:40 23.10.2024 (ирҿыцуп: 14:00 23.10.2024) АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин БРИКС иалахәу асуверентә тәылақәа еицхәыцуа тәылақәоуп ҳәа рзиҳәеит. Абри атәы кьыԥхьуп РИА Новости
асаит аҟны.
"Иуҳәар иашахоит БРИКС иаҵанакуа, еиуеиԥшым аконтинентқәа, аҿиаратә модельқәа, адинқәа, ацивилизациақәа, акультурақәа хаҭарнакра рзызуа асуверентә тәылақәа еиԥшны ихәыцуа роуп ҳәа", - иҳәеит Путин БРИКС асаммит аилатәара маҷ аҿы.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит БРИКС иалахәу атәылақәа зегьы аиҟарареи, агәылеимабзиареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аиҩызареи, аҳәоуеиқәшәареи рзы аидеал ҳаракқәа рышьақәыргылареи, реизҳазыӷьареи ишрыдгыло.
"Урҭ ажәала акәымкәа, усла адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра аадырԥшуеит, ииашаҵәҟьаны адунеизегьтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рганахьала аҭагылазаашьа хра аманы анырра арҭоит, иҵару арегионалтә проблемақәа рыӡбараҿы алагала ду ҟарҵоит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.