https://sputnik-abkhazia.info/20241025/atraditsiat-beiaraa-aa-iaatit-zhlarbzharati-akonferentsia-1052658350.html
Атрадициатә беиарақәа: Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аконференциа
Атрадициатә беиарақәа: Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аконференциа
Sputnik Аҧсны
Аусмҩаԥгатә аҟны иалацәажәеит аԥсуаа ауаажәларра ашьаҭа аҳасабала рыцхраараҿы иҟоу ауадаҩрақәа – аҭаацәара рырӷәӷәара, рыхьчара. 25.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-25T13:20+0300
2024-10-25T13:20+0300
2024-10-25T15:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/19/1052657878_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_f9ec559e1fdc7257c66a41477444c644.jpg
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Итрадициатәу аҭаацәаратә беиарақәа – ажәларқәа ракзаара ашьаҭа" захьӡу Жәларбжьаратәи аконференциа аатит Аҟәа Москва Аҩны аҟны.Апленартә еилатәара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, Аԥсны Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа."Мраҭашәаратәи алибералтә идеологиа ҳҭаацәаратә беиарақәа ақәыӷәӷәаратә нырра рзура иалагеит 90-тәи ашықәсқәа рзы. Уажәы уи алҵшәақәа аабарҭоуп. Ҩы-шықәса раԥхьа, Урыстәыла атрадициатә доуҳа-моралтә беиарақәа рыхьчареи рырӷәӷәареи рзы аусԥҟа анрыдыркыла ашьҭахь ауп, ҳара ҳидеологиа анҳау", – ҳәа лҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла ахантәаҩы Наталиа Дмитриевскаиа.Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара аусеицура Урыстәылеи Аԥсни руааԥсыра еицырзеиԥшу атрадициатә беиарақәа шьаҭаны ишрымоу. "Ари даара акраҵанакуеит, иахьатәи ҳаамҭаз, зегь раԥхьа иргыланы, Мраҭашәара ҳажәларқәа зынӡа ирыцәтәыму адоуҳатәи аморалтәи абеиарақәа анрыднагало. Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык қьырсианцәоуп, иҟоуп аԥсылман уаԥшь, аха арҭ аҩ-динкгьы рҿы ӷәӷәала абарҭ аҿыцлагаларақәа мап рцәыркуеит," - ҳәа азгәеиҭеит иара. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба аконференциа атема актуалра аҵоуп ҳәа азиҳәеит, еиҳаракгьы уи Урыстәыла "аҭаацәара ашықәс" ҳәа иԥхьаӡоу 2024 шықәсазы иахьымҩаԥысуа. Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин атрадициатәи адоуҳатәи малқәа реиқәырхаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уа иарбоуп 17 рҟынӡа урыстәылатәи амилаҭтә традициақәеи, аетноси, ацивилизациеи реиқәырхаразы ихадоу апринципқәа. Ари акраҵанакуеит Урыстәыла мацараз акәымкәа, адунеи ажәларқәа зегьы рзгьы, избан акәзар ҳара абарҭ амалқәа, абеиарақәа ӷәӷәала аԥышәара ианаҵадыргыло аамҭазы ҳанхоит" - иҳәеит Шамба.Аконференциаҿы ирылацәажәоит: Аконференциа ахықәкы – аҭаацәаратә беиарақәа рыхьчареи рымадареи рызҵаарақәа рҿы ауаажәларратә усзуҩцәеи, анагӡаратә мчреи, ауахәамеи рымчқәа реидкыларауп. Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла, "Аԥсны аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы анацәа" рхеидкыла, "Аԥснытәи атуристтә еидгыла", ацхыраара ҟанаҵеит Москва Аҩны.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/19/1052657878_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_1bd050ae7142322edd7937c6577d5422.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Атрадициатә беиарақәа: Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аконференциа
13:20 25.10.2024 (ирҿыцуп: 15:02 25.10.2024) Аусмҩаԥгатә аҟны иалацәажәеит аԥсуаа ауаажәларра ашьаҭа аҳасабала рыцхраараҿы иҟоу ауадаҩрақәа – аҭаацәара рырӷәӷәара, рыхьчара.
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Итрадициатәу аҭаацәаратә беиарақәа – ажәларқәа ракзаара ашьаҭа" захьӡу Жәларбжьаратәи аконференциа аатит Аҟәа Москва Аҩны аҟны.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит жьҭаара 25-26 рзы.
Апленартә еилатәара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, Аԥсны Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа.
"Мраҭашәаратәи алибералтә идеологиа ҳҭаацәаратә беиарақәа ақәыӷәӷәаратә нырра рзура иалагеит 90-тәи ашықәсқәа рзы. Уажәы уи алҵшәақәа аабарҭоуп. Ҩы-шықәса раԥхьа, Урыстәыла атрадициатә доуҳа-моралтә беиарақәа рыхьчареи рырӷәӷәареи рзы аусԥҟа анрыдыркыла ашьҭахь ауп, ҳара ҳидеологиа анҳау", – ҳәа лҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла ахантәаҩы Наталиа Дмитриевскаиа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара аусеицура Урыстәылеи Аԥсни руааԥсыра еицырзеиԥшу атрадициатә беиарақәа шьаҭаны ишрымоу.
"Ари даара акраҵанакуеит, иахьатәи ҳаамҭаз, зегь раԥхьа иргыланы, Мраҭашәара ҳажәларқәа зынӡа ирыцәтәыму адоуҳатәи аморалтәи абеиарақәа анрыднагало. Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык қьырсианцәоуп, иҟоуп аԥсылман уаԥшь, аха арҭ аҩ-динкгьы рҿы ӷәӷәала абарҭ аҿыцлагаларақәа мап рцәыркуеит," - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба аконференциа атема актуалра аҵоуп ҳәа азиҳәеит, еиҳаракгьы уи Урыстәыла "аҭаацәара ашықәс" ҳәа иԥхьаӡоу 2024 шықәсазы иахьымҩаԥысуа.
Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин атрадициатәи адоуҳатәи малқәа реиқәырхаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уа иарбоуп 17 рҟынӡа урыстәылатәи амилаҭтә традициақәеи, аетноси, ацивилизациеи реиқәырхаразы ихадоу апринципқәа. Ари акраҵанакуеит Урыстәыла мацараз акәымкәа, адунеи ажәларқәа зегьы рзгьы, избан акәзар ҳара абарҭ амалқәа, абеиарақәа ӷәӷәала аԥышәара ианаҵадыргыло аамҭазы ҳанхоит" - иҳәеит Шамба.
Аконференциаҿы ирылацәажәоит:
аԥсуаа ауаажәларра ашьаҭа аҳасабала иҟоу ауадаҩрақәа – аҭаацәара ацхыраара рыҭара, рырӷәӷәара, рыхьчара.
атрадициатә ҭаацәаратә малқәа рыхьчара, ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы рроль аизырҳара, аҭаацәараҿи ауаажәларраҿи анреи абреи раҳаҭыр аизырҳара.
аҭаацәаратә бзабаа ахьчара, ахшаараиура аизырҳара, аилыҵрақәа рырмаҷра.
Аконференциа ахықәкы – аҭаацәаратә беиарақәа рыхьчареи рымадареи рызҵаарақәа рҿы ауаажәларратә усзуҩцәеи, анагӡаратә мчреи, ауахәамеи рымчқәа реидкыларауп.
Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла, "Аԥсны аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы анацәа" рхеидкыла, "Аԥснытәи атуристтә еидгыла", ацхыраара ҟанаҵеит Москва Аҩны.