Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба аԥсабареи ауаҩи реинырра иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба аԥсабареи ауаҩи реинырра иазкны
Анапаҵаҩра
Ауаҩи аԥсабареи реинырра анеизҳауа аекологиатә ҭышәынтәалараз иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит Атәыла ахада иҿы иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак. Иабанӡаҵарны иқәгылоу ари азҵаара ҳтәылазы, иарбан уадаҩрақәоу иахьа иҟоу мамзаргьы уаҵәы иҟалар алшо, насгьы урҭ рымҩақәҵашьа аҵарауаа ҿарацәа ишырбо атәы далацәажәеит аиԥыларҿы ажәахә змаз, Аботаникатә институт аҵиаақәа рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы Рашид Ҵәыџьба.
Ауаҩы хәыҷык дацхраауеит, ирццакуеит аԥсабара иаиуа анырра, аҽеиҭакра, аха зегьы иара иоуп изхароу узҳәом ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ қәыԥш. Аекологиатә ҭышәынтәалара алыршаразы ихымԥадатәиуп аҩнаҭаҿы ахәыҷы аԥсабара деиҷаҳауа иааӡара, уи ауп аԥхьаҟа алҵшәа бзиақәа аазышьҭуа ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0