00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҷап, абҷат, ақьыԥш": еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо ажәақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка "Махаджиры" по одноименной пьесе С.Чанба
Постановка Махаджиры по одноименной пьесе С.Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2024
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо аԥсуа жәақәак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Абызшәа ссирқәа ирнаалан,
Сгәы иҭаскуа сбызшәала изыҩуеит,
Са сашәагь ажәҩан ианхало –
Ажәларқәа аанҿасны иӡырҩуеит.
Иван Ҭарба
Абызшәақәа шаҟа удыруа аҟара убри аҟара улаԥшҳәаа, ухәыцра ҭбаахоит. Амала, атәым бызшәақәа ираԥхьагылазар ахәҭоуп умилаҭ рбызшәа, ухатәы бызшәа. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иҩуан: "Абызшәа зегьы ирыцкуп, уи зегь аҵанакуеит".
Аиашазы, абызшәа изырҿиаз амилаҭ ирсаркьоуп, рҟәыӷара, рдунеихәаԥшра ирылҵшәоуп. Ҳбызшәа еиднакылоит ацәажәараан ҳхы иаҳархәаша еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо ажәақәа.
Ладонь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2024
Аԥсны
"Ракы", "ӡакы", "маҿак", "ԥсыӡак": ашәара-зара азырбо жәақәак
Маҷк иадамзаргьы аԥсуаа ражәаҳәа иагәылоу ажәақәак рыхҳәаа аҟаҵара сҽазысшәоит, урҭ харҭәаахоит алитературахьтә иаагоу аҿырԥштәқәа рыла:
Ашәаҟьара – "Дшәаҟьеит" акы даршәеит, ашәара далагеит аанагоит.
Хәыҷҵас дшәаҟьеит, иԥсыԥ алагаҩагара ашьҭыбжьҵәҟьа гар ҳәа дшәан аҩ дыҵалт. (Борис Ҭыжәба) Азгәаҭа: "Аҩ дыҵалт" ҳәа изырҳәоит ианыцәгьарахалак, зегь раԥхьа ишәаны зҽызҵәахуа. Ахаҭа ажәа "аҩ" (урысшәала "моль" ахьӡуп).
Акьыԥш – Џьума Ирод-иԥа Миқаиа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа арҵагатә жәар" ишарбо ала "акьыԥш" аҳалалра аанагоит, иразу, ҩысҭаарак злам ауаҩы даазырԥшуа ажәоуп.
Рылахь ҭаҽылақәа рыла ауаа қьыԥшқәа рыгәқәа аӡыӡара рзынрыжьуеит. (Алықьса Гогәуа)
Амашьцахара – "Имашьцахо иалагеит", анапахы иааиуа, анапы иашьцылеит аанагоит.
Ԥрыцәеиқәа (аҽы ахьӡ ауп) лассы имашьцахо иалагеит, иагьеилнакааит уи аҟнытә ирҭахыз аныҟәашәа бзиеи, акәарреи, аҩреи шракәыз. (Платон Бебиа)
Рука ребенка - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Ахысганацәа, агәыбжьынацәа, аӡыгнацәа: ԥсышәала анацәкьарақәа рыхьӡқәа
Аҷлап – "Аҷлап еиԥш еибыҭаз", акгьы згымыз, зегь рыла еиқәышәшәа иҟаз, еиқәшәаз ирзынархоу ажәоуп.
Илшәыз аҵкы аҷлап еиԥш лӡара иҭашәон. (Шьалуа Ҵәыџьба)
Ашәиҭышәи – "Ашәиҭышәи унасышьҭуам", шьаҿак усырҟаҵом, џьара уцар зуам аанагоит.
Ашьацҳәа наган ишьарҵазшәа, рылаԥш дыҵыжьны уи ашәиҭышәи днарышьҭуамызт. (Анатоли Аџьынџьал)
Агачамкра – "Дгачамкит", ауаҩы иҟалаз џьашьаны ииуа-ииҳәо дақәымшәо дгылазар абас рҳәоит.
Исҳәара сҿамшәо, сгачамкны слыхәаԥшуан. (Џьума Аҳәба)
Амаџьанара – "Ҳмаџьаноуп", уаала ҳмаҷуп, ҳхыԥхьаӡара рацәам, ма аказы ҳаиԥҟьаны ҳаҟоуп аанагоит.
Алеишәа азын, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы даараӡа ҳмаџьанахеит, ҳаилзыргогьы дсыздыруам. (Гьаргь Гәыблиа)
Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2020
Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Алыбзҩыбзра – анахьгьы акы аҳәара, арахьгьы акы аҳәара, аҟазшьа анарҳә-ааҳәра иазҳәоуп.
Алыбзҩыбзра бзиа ишызымбо уеизгьы иудыруеит. (Дырмит Быҭәба)
Амеида – "Имеида сымамкәа", дақәшаҳаҭымкәа, изин сымамкәа, игәамԥхакәа аанагоит.
Сышәҭ ҟаԥшьы ӡамҩа ҭҵәраа амеида сымоуп. (Виачеслав Ҷыҭанаа)
Цәымӷцәыбза – иуҭахымкәа, угәы иаҭахӡамкәа ак аҟаҵара иазҳәоуп.
Манча цәымӷцәыбза днеизыԥшит, уажәы аригь ихахә ылихуеит. (Алықьса Гогәуа)
Абҷат – "Абҷат даҩызоуп", аиҿкаа змоу, зегь рыла иеиқәҷабу ауаҩы изы ирҳәоит. Ари ажәа Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа, Урҭа аҳаблан инхоз аиҳабыратә абиԥара ражәаҳәаҟны ахархәара ҭбаа аман.
Ииҳәаз ҳәан, ииуз ун - зегь рыла дабҷатын. (Ахатәы нҵамҭақәа рахьтә)
Астатиаҿы хархәара аҭоуп Џьума Миқаиа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа арҵагатә жәар".
Ажәабжьқәа зегьы
0