Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аусура иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт иазгәанаҭаран иҟоуп аиубилеитә рыцхә. 30 шықәса ирылагӡаны аграртә сектор арҿиаразы аусбарҭа инанагӡахьоу аусурақәа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аизырҳараҿы лагалас иҟанаҵо уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба.
Иара дазааҭгылеит аурыс ҵарауаа акыршықәса раԥхьагьы ашәырҵлақәа рыҭҵааразы Аԥсны имҩаԥыргоз аусурақәа шыҟаз, иҳәеит аԥышәарақәа хықәкыс ирымаз, ҳтәылаҿы аҳауашьақәгыла иаднакылаз акультурақәа ртәы.
Фиодор Ҭарба иажәақәа рыла, 800 мандарин хкы еиҭаҳан иҟан аибашьра ҟалаанӡа аинститут иаҵанакуаз абаҳчаҿы, аха уи имҩаԥгаз аусура зегьы ыӡит ақырҭцәа ирхырҟьаны. Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ игәалаиршәеит аибашьра ашьҭахь аусура еиҭашхацдыркыз атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0