Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа Урыстәыла аклассикцәа Аԥсны рыҟазаара иазкны: иҭҵаатәу рацәоуп

Занҭариа Урыстәыла аклассикцәа Аԥсны рыҟазаара иазкны: иҭҵаатәу рацәоуп
Анапаҵаҩра
"Урыстәыла аклассикцәа рсахьаркыратә еилкаараҿы аԥсуа дунеи" ҳәа хьӡыс изауз аизга ҭыжьуп Аԥсуаҭҵааратә институт амҳәыр аманы. Ашәҟәы автор, академик Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит уи шеидкылаз атәы.
Ҩышықәса-хышықәса раҟара аидкылара саҿын аматериалқәа ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Занҭариа.
"Шолохов Аԥсны даныҟаз атәы цқьа иҭҵааӡам. Ҳара иаадыруа Баграт Шьынқәбеи иареи реиԥылара, аӡиа Риҵа иҟазаара, аха иара 1935 шықәса рзы Аԥсны даахьан гәыԥҩык аурыс шәҟәыҩҩцәа ицны. Уи атәы Руслан Қаԥба ишәҟәаҿы иаҳәоит. Уи Шьалуа Ҵәыџьба иԥсы анҭаз диҿцәажәахьан. Шьалуа Ҵәыџьбеи Леуарса Кәыҵниеи ирыԥхьеит Шолохов данаа. Уи аӡәгьы издырӡом, шьҭа арахәыц ԥсыртлеит. Иҵегьы иацуҵаша ыҟоуп. Булгаков Аҟәа иԥсы ишьон, Пастернак даахьан, Есенин иаара атәы зҳәо ашәҟәы Москвантәи иаарышьҭит схы иасырхәарц. Абарҭ зегьы ҭаҳҵаароуп, алитературатә еимадарақәа иҟаз рыла, агәнибархара маҷқәагьы уханаршҭуа иҟалоит", - ҳәа иҳәеит Занҭариа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0