https://sputnik-abkhazia.info/20241109/asni-urystylei-rkhaakhrazy-aishaara-aiakraa-ralagalarazy-ayndumakh-inashup-1052812762.html
Аԥсни Урыстәылеи рхәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы Аҳәынҭдумахь инашьҭуп
Аԥсни Урыстәылеи рхәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы Аҳәынҭдумахь инашьҭуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Аҳәынҭдумахь инанашьҭит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара 2012 шықәса лаҵарамза 28 рзы еиқәыршәаз ахәаахәҭра... 09.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-09T14:43+0300
2024-11-09T14:43+0300
2024-11-09T14:43+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0f/1037598318_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_aa606ccb37f84b94c407ba2aa3804312.jpg
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Аҳәынҭдумахь инанашьҭит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара 2012 шықәса лаҵарамза 28 рзы еиқәыршәаз ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа шьақәдырӷәӷәарц.Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын Грозныи ақалақь аҿы ԥхынгәымза 16 2024 шықәса рзы.Иара иазгәанаҭоит ареспубликазы аҵакы зманы иҟоу атауарқәа рзы аҳазатә баџьқәа рхамырхәара. Ишьақәырӷәӷәоуп баџьда Урыстәылантәи Аԥсныҟа иалагалазар зылшо атауарқәа рсиеи рымҽхаки. Зыӡбахә рҳәо аҩнуҵҟатәи ахархәарахь иаҵанакуа атауарқәа роуп — афатәаалыҵтә тауарқәа, аӡа-маӡа, аргыларатә маҭәахәқәа, абзазаратә маҭәахәқәа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0f/1037598318_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_f44834bd1a96a3687313562f52aeb336.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсни Урыстәылеи рхәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы Аҳәынҭдумахь инашьҭуп
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Аҳәынҭдумахь
инанашьҭит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара 2012 шықәса лаҵарамза 28 рзы еиқәыршәаз ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа шьақәдырӷәӷәарц.
Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын Грозныи ақалақь аҿы ԥхынгәымза 16 2024 шықәса рзы.
Адокумент Урыстәыла иалганы Аԥсны аҳазалхратә ҵакырахь иаларгало атауарқәа алгаратә ҳазалхратә баџьқәа рықәымҵара аус аҭышәныртәаларазы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәҵара иазырхоуп.
Иара иазгәанаҭоит ареспубликазы аҵакы зманы иҟоу атауарқәа рзы аҳазатә баџьқәа рхамырхәара. Ишьақәырӷәӷәоуп баџьда Урыстәылантәи Аԥсныҟа иалагалазар зылшо атауарқәа рсиеи рымҽхаки. Зыӡбахә рҳәо аҩнуҵҟатәи ахархәарахь иаҵанакуа атауарқәа роуп — афатәаалыҵтә тауарқәа, аӡа-маӡа, аргыларатә маҭәахәқәа, абзазаратә маҭәахәқәа.