Sputnik амчыбжь: аиқәшаҳаҭра алацәажәара, амцакрақәеи абаҟа иаќәымла азныҟәареи
09:00 11.11.2024 (ирҿыцуп: 09:50 11.11.2024)
© Sputnik / Акоп КущянСоглашение о российских инвестпроектах в Абхазии обсудили в парламентском комитете
© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәаа еиқәнаршәеит абҵарамза 4 инаркны 10 рҟынӡа ареспубликаҿы иҟалаз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыла.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа, Урыстәыла амилаҭтә акзаара Амш аҽны Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьеишьаз, аинвестициатә усмҩаԥгатәқәа рзы аиқәшаҳаҭра алацәажәара шымҩаԥысыз, аҳҭнықалақь ашколқәа руак арҵаҩцәа Аԥсны ахада иахь рышшыԥхьыӡ, амҳаџьыраа рбаҟа иакәымла азныҟәара уҳәа убас егьырҭгьы Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik
Урыстәыла амилаҭтә акзаара Амш
Иҳаҩсыз ашәахьа Урыстәыла иазгәарҭеит амилаҭтә акзаара Амш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи иколлега ари аныҳәа инамаданы адныҳәалара изишьҭит, уи аҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла амҽхак ду змоу ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи аҿаԥхьа ишық́әгылоу, убри аҟнытә милаҭрацәала еилоу атәыла ауааԥсыра реидгылара ақәҿиара змоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥшаамҭа шасны ишазыҟоу.
“Аԥсны еснагь наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵареи азеиԥш мышхәабзазареи шьаҭас измоу Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара акурс иадгылоит.ҳара ахәҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рҿы иҟашәҵо адгылара иара убасгьы арегион аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы” , – ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа Путини Урыстәыла атәылауааи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы агәыӷра амазаара, аҭынч жәҩан.
Акрызҵазкуа ахҭысқәа
Иҳаҩсыз амчыбжь аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыла иҭәын. Аҟәа ақалақь аҿы амилициа Амш азгәаҭара иазкны аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны ахада амилициа аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдныҳәало, русура атәылауаа ршәарҭадареи ауаажәларратә ҭышәынтәалареи рзы аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Уи иара убасгьы иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаҭо аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа реиҿкаара аиқәыршәара.
46 шықәса ҵит аԥсуа телехәаԥшра аԥҵахеижьҭеи. Ари акыр зҵазкуа амш аҽны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ателерадиоеилахәыра аредакциа даҭааит.
Иара идырҿыцыз астудиақәа дырҭааит, арадио аусуратә ҭагылазаашьақәа ибеит, аколлектив ирыдиныҳәалеит аканал аԥҵара амшныҳәа, амилаҭтә телехәаԥшра ажәлар ринтересқәеи аԥсуа ҳәынҭқарреи рыхьчараҿы инанагӡо ароль азгәеиҭеит.
“Шәара шәзанааҭ акыр иуадаҩуп, ауаажәларра рҟынӡа, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы, иҟоу иахьмырԥшыкәа ахәаԥшцәа рахь обиективла аинформациа анагара шәнапы иануп. Шәколлектив абри аԥҟарра иқәныҟәаны аус руеит.Ишәзеиӷьасшьоит шәзанааҭтә уалԥшьа гәыкала, ҳаҭырла анагӡара ”, - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит атәыла анапхгара ателерадиодырраҭарақәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭаразы алшарақәа рыԥшаара ишазхиоу, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәатәи ашкол аҿы аиԥылара
Аҩаша, абҵара 5азы, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи ашкол №2 арҵаҩцәа дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, арҵаҩцәа атәыла ахада идырдырит ауалафахәы инагӡаны аиураҿы ауадаҩрақәа шрымоу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи аамҭа кьаҿла ари аус рыӡбарц рыдиҵеит.
Ешба иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь анапхгара Аҵара аминистрра аусзуҩцәа ауалафахәы ианаамҭоу, инагӡаны ишырзыршәо. Иара иҳәеит аҭагылазаашьа хымԥада ишҭиҵаауа.
Бжьаниа иргәалаиршәеит цәыббра 1 инаркны урыстәылатәи аган абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа асоциалтә шәарақәа рыҭара шааннакылаз. Уи зыхҟьо аусеицураз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аԥсуа ган аҭакԥхықәрақәа зегьы ахьазынамыгӡаз ауп. Иара иажәақәа рыла, уажәазы аҳәынҭқарра арҭ ашәарақәа хадырҭәаауеит, аха ԥхьаҟа ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит.
Иахәаԥшраны иҟоуп
Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии еимадарақәеи аџьынџьуаа реимадареи рзы аилак аилатәара. Уи Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспублика аҵакыраҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рымазарц азы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иазкуп.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ҷыдала, иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара аетап аан Апарламент алахәылацәа хыԥхьаӡара рацәала аиҭакрақәа радгалаз.
“Урҭ хаҭала аԥсуа ган аҭакԥхықәрақәа, аинвестициатә режим ахаҭа, Аԥсны аинвестициатә проектқәа мҩаԥызго аиурист хаҿқәа иалкау азинқәак рызҭо аиқәшаҳаҭра хаз иго аԥҟарақәа, иара убас, уи инақәыршәаны, аԥхасҭақәа рхарҭәаареи аимак-аиҿакқәа рыӡбареи рызҵаарақәа роуп", ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аминистр.
Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра аҳәаанырцәтәи акапитал адгылара адагьы, Аԥсны аҿиара иаҿу ауысхк хырхарҭақәа рахь аинвестициақәа рымҽхак аизырҳаразы адепутатцәа иҟарҵаз ажәалагалақәа ахьанымԥшыз азы агәалсра ааирԥшит. Ҿырԥштәыс иааигеит атуризм аусхк.
Аиҿцәажәара сааҭки бжаки инеиҳаны ицон. Иара аихшьаалақәа рыла Аилак аилатәараҿы адокумент аратификациа азҵаара Жәлар Реизара-Апарламент иааиуа аилатәарахь инагазарц абжьгара ҟанаҵеит.
Аамҭалатәи арӷәӷәарақәа
Аԥсны Урыстәыла иаԥну аҵакырақәа рҿы ауаажәларратә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирзырхоу аусмҩаԥгатәқәа арӷәӷәоит абҵара 8-10, 26-29 рзы Сириус имҩаԥысраны иҟоу Апартниорратә форум "Урыстәыла – Африка" раԥхьатәи аминистрцәа Рконференциеи Аҵарауаа ҿарацәа IV рконгресси инарымаданы.
Ари аамҭа иалагӡаны, АПМ апост "Баҕрыҧсҭа" аус аулоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнагалоит аиҿкааратәии аоператив-зыԥхьагәаҭаратәии уснагӡатәқәаУрыстәылеи Аԥсни рҳәааиахьаԥну азинеиҿкаара иаҿагыло аусқәараԥырҟәҟәааразы.
Аԥсны АҩА рминистр Роберт Кьиут анапынҵа ҟаиҵеит аусбарҭа аоперативтә ҟәшақәеи иҷыдоу амаҵзурақәеи русуҩцәеи рыла апатрультә гәыԥқәа рхыԥхьаӡара иацырҵарц.
Ацҳаражәҳәаҩцәа реиԥылара
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономика аминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьии алацәажәеит ахәаахәҭратә, аекономикатә, атехникатә, акультуратә усеицураз Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы аҩбатәи аилатәара амҩаԥгара шхымԥадатәиу.
Аганқәа рылацәажәеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа, знапаҵыҩра азгәаҭаны иҟоу аҳазылхра, аҵарадырра, ақыҭанхамҩа русхкқәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа разырхиара.
Иазгәарҭеит ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәа раԥҵара, ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа реинырра, аекономикатә уснагӡатәқәа реицымҩаԥгара хра шрымоу.
Авандализм акт
Памятник Махаджирам на столичной набережной облили краской в ночь с 3 на 4 ноября. Основание памятника исписано цитатами, в том числе Аҳҭнықалақь амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу Амҳаџьырцәа рбаҟа абҵарамза 3-4 руыха ашәыга ақәҭәан. Абаҟа ашьаҭа ацитатақәа анырҵеит, урҭ рҟны иҟоуп аԥсуа жәаԥҟа – аҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах” аепиграф.
Авандалцәа иара убасгьыАԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа акаҭран аҿы ацәаԥҽыгаҩырақәа аанрыжьит.
Абаҟа асеиԥш азныҟәара аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә, аполитикатә еиҿкаарақәа жәпакы ақәыӡбеит.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟалаз вандализмуп ҳәа азгәанаҭеит.
“Ҳара ҳгәаанагарала ари ацәгьоура ҟазҵаз ҳажәлар ирымоу зегь раасҭа зыхә ҳараку – аҭоурыхтә гәалашәара зыцәтәыму, аморали аламыси змам ауаа роуп ҳәа”, - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа ари аус аҭҵаара иаҿуп.
Абанктә усхкаҟны аусеицура
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбанкқәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит. Аҟәа ақалақь аҿы абанкқәа рхантәаҩцәа Беслан Бараҭелиеи Сослан Бекоеви русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
"Абанкқәа рыбжьара ишиашоу акорреспонденттә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аусура ахацыркра ҳақәшаҳаҭхеит. Аԥснытәи абанк аколлекциатә инвестициатә банкнотақәа рҭыжьра қәҿиарала имҩаԥысуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Бековев.
Уи иажәақәа рыла, Аахыҵ Уаԥстәыла ари аԥышәеи иара убас АԤРА еиԥшу амилаҭтә ԥарашәаратә система аԥҵареи даара аинтерес рзаҵоуп.
Беслан Бараҭелиа Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега изеиҭеиҳәеит Аԥснытәи абанк ари апроект анагӡараан изықәшәаз ауадаҩрақәа, иахьа уи аԥарашәаратә система аус шауа.
Аганқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла Амилаҭтә банки Аԥсны Амилаҭтә банки русзуҩцәа реиҭныԥсахларазы.
"Амшен"
Ииасыз аҩашаз Ԥшьаԥ ақыҭаҿ имҩаԥыргеит итрадициатәу, аҽаҩра иазку аерман ныҳәа "Амшен".
Афестиваль даҭааит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа. Ари аусмҩаԥгатә аерманцәа рымацара ракәымкәа, милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар зегьы ркультуратә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхо ахәҭакны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Уи иара убасгьы иациҵеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, аерманцәа аӡәырҩы ирхатәыҩынныиҟалаз ареспублика ахақәиҭразы ишеибашьуаз.
Аԥсны араионқәа зегьырхатәы павилионқәарыман, уа аерманцәа рмилаҭтә чыси рыбзазартә маҭәахәқәеи ӡырыргеит.
Eytsikәashow аиааиҩцәа
Акәашаратә проект Eytsikәashow аӡбаҩцәа аиааира згаз рыхьӡқәа рыларҳәеит.
Аконцерт етап-етапла имҩаԥган.
Актәи аетап аан инарыгӡоз амассатә кәашарақәа ракәын – арҵаҩцәа Аслан Багаԥшьи Денис Инаԥшьбеи ргәыԥқәа рҟынтәи аҭыԥҳацәа Даӷьсҭантәи амотивқәа рыла еицыкәашеит. Арԥарцәа "Ашьха кәашара" анагӡараҿы рҟазара аадырԥшит.
Аҩбатәи аетап аҳәаанырцәтәи артистцәа ркомпозициақәа мамзаргьы акиносаундтрекқәа рыла адуетқәа рыкәашара акәын. Дара урҭ аицлабра аихшьаалақәа шьақәдыргылеит.
Апроект аҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит Аслан Багаԥшь игәыԥ аҟынтәи акәашаҩцәа – Адгәыр Микааи Илона Зыхәԥҳаи.
Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Денис Инаԥшьба игәыԥ — Саид Ҳагбеи Милена Ҭачлиаԥҳаи.
Ахԥатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Аслан Багаԥшь игәыԥ аҟынтәи Адис Агрбеи Себина Зекироӷли.
Апроект Eytsikәashow актәи аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит лаҵара 2 рзы. Шықәсыбжак аҩнуҵаҟа еицыкәашоз инарыгӡон амилаҭтә кәашарақәеи, аҳәаанырцәтәи амузыка иацназгоз акәашарақәеи. Дара рықәгылара аӡбаҩцәа ӷәӷәала ахәшьара арҭон.
Sputnik Аԥсны апроект аинформациатә дгылара азнауан.
Аԥсуа мҵәышәымпыл аиубилеи
Аԥсуа мҵәышәымпыл шәышықәса ахыҵра аныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит абҵара 7рзы Аҟәа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи дрыдныҳәалеит.
"Аԥсуа мҵәышәымпыл шәышықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит. Ари акырзҵазкуа хҭысуп ахәмарҩцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, абзиабаҩцәеи, иааидкылан амилаҭтә спорт зегьы рзы. Агәахәара унаҭоит жәашықәсала ҳтәылаҿы ари аспорттә хкы аҭоурых аиқәырхара ахьалшаз" — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба Аԥсны амҵәышәымпыл шәышықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит, шәышықәса рыҩныҵҟа жәаҳәарада, аизҳарақәеи аиҵахарақәеи ҳархысхьеит,аха ҳара ҳзы ауадаҩра дуқәа аныҟазгьы ҳааигәа иҟан ауаа, ԥхьаҟа ацаразы иҳацхраауаз, иҳавагылаз ҳәа азгәеиҭеит иара.
Еицырдыруа аԥсуа шьапылампыл ааӡамҭа Никита Симониани амҵәышәмпыл аеҵәа, Урыстәыла амҵәышәмпыл Афедерациа ахада Андреи Кириленкои ареспублика аспортсменцәа Аԥснытәи амҵәышәмпыл шәышықәса ахыҵра рыдырныҳәалеит видеоеимадарала.
Адунеи ачемпион
Харитон Агрба Жәларбжьаратәи абоксиортә федерациа IBA инақәыршәаны, 67 кьыла иҟоу азҟазацәа рыбжьара Адунеи ачемпион ҳәа атитул даиааит, абжьаратә капан аҿы атитул WBA агаразы дықәгылоит.
Агрба дииааит Аргентинатәи Габриел Роса, уи иқәгыларақәа зегь рҟынтәи 27 иааира игахьеит, урҭ рҟынтә 20 нокаутла. Аӡбаҩцәа зегьы еицҿакны рыӡбарала Харитон Агрба хыԥхьаӡарала аиааира игеит.
Харитон иажәақәа рыла, уи амаҟа ҿыцқәа риуразы активтә усура дазыхиоуп.