Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәымсҭатәи ацҳала Аҟәа алалареи алҵреи хәҭакахьала иаркуп

© SputnikПерекрытый Гумистинский мост
Перекрытый Гумистинский мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 12 Sputnik. Гәымсҭатәи ацҳала Аҟәа алалареи алҵреи хәҭакахьала иаркуп, ахатәы машьынақәа аурышьҭӡом, ауаажәларратә транспорт мацаруп иоурыжьуа.
Ашәахьа Аԥсны Апарламент азааигәара аоппозициа ахаҭарнакцәеи адепутатцәа руаӡәки рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак анаҩс Аԥсны Апрокурор хада ари ахҭыс "адепутат иганахьала азакәан иаҿагылоу аумҭа" ҳәа ахәшьара аиҭеит.
Абҵарамза 11 ахәылбыҽха Аҟәа ақалақь уахьналало амчратә усзуҩцәа иааныркылеит ахҭыс иалахәыз Гарри Кокаиа, Алмасхан Арӡынба, Омар Смыр, Рамаз Џьопуа. Урҭ рыдгылаҩцәеи рыуацәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа еизан, иааныркылаз аурышьҭразы адҵақәа ықәдыргылон, аибарххарақәа ҟалеит.
Асааҭ 22:30 рзы аоппозициатә мчрақәа аҳҭнықалақь ахь узго амҩа хада – Гәымсҭатәи ацҳа ааныркылеит, убри аамҭазы ашьаҟауааи ацхыраара ласы амашьынақәеи аурыжьуан. Аамҭақәак рышьҭахь Алада Ешыратәии Кәыдрытәии ацҳақәагьы ркит. Абас ала, Аԥсны амрагыларатәии амраҭашәаратәии ахәҭақәеи Аҟәеи еимаздо амҩадуқәа рҟны аныҟәара аанкылан. Аоппозициаа рҩызцәа роушьҭреи, Аинвестициатә усуразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәареи уажәтәи амшхәаԥштә аҟынтәи ақәгареи рзы адҵа ҟарҵоит. ▪
Апрокурор хада Адгәыр Агрба аҳәамҭа ҟаиҵеит апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуеит, уи алҵшәақәа инарықәыршәаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азинтә хәшьара аҭахоит ҳәа.
Абҵара 11 ауха атәыла ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадартә хеилак изаамҭанытәим аилатәарахь инеиԥхьеит. Аԥсны АҩАР, Аԥсны АХьМ, Аԥсны АШәМ, Апрокуратура хада рнапхгаҩцәа атәыла ахада иҿаԥхьа азинҿагыларатә усқәа раԥырҟәҟәааразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит.
Абҵара 12, ашьыжь, Кәыдрытәи ацҳаҿ амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0