https://sputnik-abkhazia.info/20241113/gal-araion-ay-auaasyra-rgyranyreit-aaei-arakhi-aala-ialalaz-ishreikhsua-azy-1052839962.html
Гал араион аҿы ауааԥсыра ргәырҽанырҵеит аҳәақәеи арахәи ақалақь иалалаз ишреихсуа азы
Гал араион аҿы ауааԥсыра ргәырҽанырҵеит аҳәақәеи арахәи ақалақь иалалаз ишреихсуа азы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы аҳәақәа ранҵара зынӡа иҟалом, абҵара 12 инаркны ақалақь иалоу аҳәақәа ириехслоит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара... 13.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-13T13:10+0300
2024-11-13T13:10+0300
2024-11-13T13:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102606/20/1026062082_0:115:3230:1932_1920x0_80_0_0_7a9badb3ba2fc8c7821c9bad6f79a8ea.jpg
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы аҳәақәа ранҵара зынӡа иҟалом, абҵара 12 инаркны ақалақь иалоу аҳәақәа ириехслоит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа. Араион ахада Константин Ԥлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә ишаҵанакуа аҳәақәа рымацара ракәымкәа, ақалақь аекономика ааха азҭо арахә зегьы. Араион ахадара акыр ҵуеит ари аус иазықәԥоижьҭеи. Аԥхьа арахә ақалақь аҩнуҵҟа рырҳәразы 1500 мааҭ рҟынӡа ахараԥса шьақәыргылан, анаҩс уи 5000 мааҭ рахь ишьҭырхит. Абри ашьҭахь акоммуналтә усзуҩцәа арахә ахкаара ҷыда иҭарцало иалагеит, аха аԥшәмацәа рырахә еснагь иргомызт, урҭ рныҟәгареи акрырҿаҵареи уадаҩын. Убри аҟнытә ауааԥсыра абри аԥҟарра иқәымныҟәар, ахадара аусзуҩцәа арахә ршьлоит, алабораториатә гәаҭарақәа рышьҭахь, акәац ахәыҷбаҳчақәа ирырҭалоит ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.
гал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102606/20/1026062082_251:0:2980:2047_1920x0_80_0_0_4764ace728873fb646b0e16bc994ae61.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
Гал араион аҿы ауааԥсыра ргәырҽанырҵеит аҳәақәеи арахәи ақалақь иалалаз ишреихсуа азы
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы аҳәақәа ранҵара зынӡа иҟалом, абҵара 12 инаркны ақалақь иалоу аҳәақәа ириехслоит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа.
Араион ахада Константин Ԥлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә ишаҵанакуа аҳәақәа рымацара ракәымкәа, ақалақь аекономика ааха азҭо арахә зегьы.
Араион ахадара акыр ҵуеит ари аус иазықәԥоижьҭеи. Аԥхьа арахә ақалақь аҩнуҵҟа рырҳәразы 1500 мааҭ рҟынӡа ахараԥса шьақәыргылан, анаҩс уи 5000 мааҭ рахь ишьҭырхит.
"Ҳара арахә зтәу еилаҳкаарц адыргацраҳәақәа рықәаҳҵон, аԥшәма ахараԥса иршәаразы, аха ауаа урҭ амхны икарыжьуа иалагеит, изтәу иеилкаарагьы уадаҩхеит" — ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Абри ашьҭахь акоммуналтә усзуҩцәа арахә ахкаара ҷыда иҭарцало иалагеит, аха аԥшәмацәа рырахә еснагь иргомызт, урҭ рныҟәгареи акрырҿаҵареи уадаҩын.
Убри аҟнытә ауааԥсыра абри аԥҟарра иқәымныҟәар, ахадара аусзуҩцәа арахә ршьлоит, алабораториатә гәаҭарақәа рышьҭахь, акәац ахәыҷбаҳчақәа ирырҭалоит ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.