https://sputnik-abkhazia.info/20241115/aagylarat-aktsia-amagatsa-asny-aiabyra-rkhybra-aandakyrsha-eimyrkhit-1052866228.html
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа Аԥсны аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимырхит
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа Аԥсны аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимырхит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵарамза 15 - Sputnik. Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимырхит, ашәарҭадараз игылаз азинхьчаҩцәа ирыгәҭасны Апарламенти... 15.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-15T14:30+0300
2024-11-15T14:30+0300
2024-11-15T15:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0f/1052864698_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_79963f960d7f3c99c4d6fcb741f57b63.jpg
АҞӘА, абҵарамза 15 - Sputnik. Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимырхит, ашәарҭадараз игылаз азинхьчаҩцәа ирыгәҭасны Апарламенти Атәыла ахада иусбарҭеи рҵакырахь иҭалеит.Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәара ҟамлаӡеитАԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Урыстәылеи дареи ирыбжьарҵаз аинвестеиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәараз азҵаара ахәаԥшра азгәарҭаран иахьыҟаз аилатәара ииаргеит иааиуа амчыбжь ахь.Асессиаҟны 35-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 21-ы аилатәара иалахәуп. Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба иажәақәа рыла, ари зыхҟьаз аинвестициатә усурақәа рзы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаараз ажәлар рхаҭарнакцәа ирзыҟаҵаз ақәыӷәӷәароуп.Аоппозициаа рыдгылаҩцәа адепутатцәа ирыдырҵеит асессиа аилатәара мҩаԥыргарц, аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьықәрӷәӷәара азҵаара амшхәаԥштә аҟынтәи иқәыргарц. Абри адҵа нагӡахаанӡа еилыҵӡом ҳәа рҳәеит аоппозициаа Рнапхгаҩцәа.Ашәарҭадаратә усбарҭақәеи дареи реидыслараЖәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа еизаз ауаа амашьына ду "Урал" ала агәашә ԥҽны Апарламент аҵакырахь иҭалеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи дареи еиҿагылеит, акциа алахәылацәа наскьаргеит.Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар амитинг алахәылацәа рахь ддәылҵит. Иара иҳәеит дара рзыҳәарақәа зегьы атәыла ахада ишеизеиҭеиҳәо. Ԥыҭрак ашьҭахь уахь идәылҵит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути АшәМ аиҳабы Дмитри Қәычбериеи. Даргьы амитинг алахәылацәа ажәа рырҭеит рыдҵақәа аҳәынҭқарра ахада иҟынӡа ишнарго.Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимыхны ашәарҭадараз игылаз азинхьчаҩцәа ирыгәҭасны Апарламенти Атәыла ахада иусбарҭеи рҵакырахь иҭалеит.Аҟәа ацхыраара лас аҳақьым хада ишиҳәаз ала, аидыслараан ҩыџьа аахақәа роуит.Апарламент аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа рышьҭахь ааҩык Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Адыррақәа рыла, ааха зауз руаӡәк ахәшәтәырҭаҿы макьана даанхоит, егьырҭ амбулатортә хәшәтәразы иоурыжьҭит.Аоппозициа дҵаны иқәныргылоитАоппозициаа рхаҭарнакцәа дҵаны иқәдыргылоит аурыс-аԥсуа аинвестициатә уснагӡатәқәа рзы аиқәшаҳаҭра Апарламент асессиаҟны иамыхәаԥшкәа идырхынҳәырцаз.
https://sputnik-abkhazia.info/20241115/zhlar-reizara-adeputattsa-asessia-amshkhasht-shadmyraeit-1052864352.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0f/1052864698_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_d20948f21d9273de43d6765337d90799.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аполитика
ажәабжьқәа, аԥсны, аполитика
АҞӘА, абҵарамза 15 - Sputnik. Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимырхит, ашәарҭадараз игылаз азинхьчаҩцәа ирыгәҭасны Апарламенти Атәыла ахада иусбарҭеи рҵакырахь иҭалеит.
Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәара ҟамлаӡеит
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Урыстәылеи дареи ирыбжьарҵаз аинвестеиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәараз азҵаара ахәаԥшра азгәарҭаран иахьыҟаз аилатәара ииаргеит иааиуа амчыбжь ахь.
Асессиаҟны 35-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 21-ы аилатәара иалахәуп. Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба иажәақәа рыла, ари зыхҟьаз аинвестициатә усурақәа рзы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаараз ажәлар рхаҭарнакцәа ирзыҟаҵаз ақәыӷәӷәароуп.
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа адепутатцәа ирыдырҵеит асессиа аилатәара мҩаԥыргарц, аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьықәрӷәӷәара азҵаара амшхәаԥштә аҟынтәи иқәыргарц. Абри адҵа нагӡахаанӡа еилыҵӡом ҳәа рҳәеит аоппозициаа Рнапхгаҩцәа.
Ашәарҭадаратә усбарҭақәеи дареи реидыслара
Жәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа еизаз ауаа амашьына ду "Урал" ала агәашә ԥҽны Апарламент аҵакырахь иҭалеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи дареи еиҿагылеит, акциа алахәылацәа наскьаргеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар амитинг алахәылацәа рахь ддәылҵит. Иара иҳәеит дара рзыҳәарақәа зегьы атәыла ахада ишеизеиҭеиҳәо. Ԥыҭрак ашьҭахь уахь идәылҵит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути АшәМ аиҳабы Дмитри Қәычбериеи. Даргьы амитинг алахәылацәа ажәа рырҭеит рыдҵақәа аҳәынҭқарра ахада иҟынӡа ишнарго.
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа аиҳабыра рхыбра аандакәырша еимыхны ашәарҭадараз игылаз азинхьчаҩцәа ирыгәҭасны Апарламенти Атәыла ахада иусбарҭеи рҵакырахь иҭалеит.
Аҟәа ацхыраара лас аҳақьым хада ишиҳәаз ала, аидыслараан ҩыџьа аахақәа роуит.
Апарламент аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа рышьҭахь ааҩык Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Адыррақәа рыла, ааха зауз руаӡәк ахәшәтәырҭаҿы макьана даанхоит, егьырҭ амбулатортә хәшәтәразы иоурыжьҭит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аҟәа аиҳабыра рхыбра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа
Аоппозициа дҵаны иқәныргылоит
Аоппозициаа рхаҭарнакцәа дҵаны иқәдыргылоит аурыс-аԥсуа аинвестициатә уснагӡатәқәа рзы аиқәшаҳаҭра Апарламент асессиаҟны иамыхәаԥшкәа идырхынҳәырцаз.