https://sputnik-abkhazia.info/20241115/khra-zlou-akhysa-sabekia-aiaaara-iadalou-aa-imaysua-akonferentsia-aty-1052868012.html
Хра злоу ахҭысқәа: Сабекьиа аҵиааӡара иадҳәалоу Аҟәа имҩаԥысуа аконференциа атәы
Хра злоу ахҭысқәа: Сабекьиа аҵиааӡара иадҳәалоу Аҟәа имҩаԥысуа аконференциа атәы
Sputnik Аҧсны
"Асубтропикатә ҵиааӡара иҭышәынтәалоу аҿиара аҭҵаарадырратә дгылара аҭара" захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы... 15.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-15T13:15+0300
2024-11-15T13:15+0300
2024-11-15T15:55+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0f/1052868142_0:0:2600:1463_1920x0_80_0_0_aa9415af24afa5dad4a4dddf142e7e23.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Сабекьиа аҵиааӡара иадҳәаланы Аҟәа имҩаԥысуа аконференциа атәы
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Сабекьиа аҵиааӡара иадҳәаланы Аҟәа имҩаԥысуа аконференциа атәы
"Асубтропикатә ҵиааӡара иҭышәынтәалоу аҿиара аҭҵаарадырратә дгылара аҭара" захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны. Уи еиҿкаауп Аҟәатәи абаҳчатә қыҭанхамҩатә станциа аԥҵара 130 шықәса ахыҵреи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа аинститут аԥҵара 30 шықәса ахыҵреи инарымаданы. Аконференциа иалахәуп аԥсуеи аурыс ҵарауааи, имҩаԥысуеит абҵара 16-нӡа. Ақыҭанхамҩатә институт аусзуҩы, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа еиҭеиҳәеит аконференциаҿы иажәахә зызку, ас еиԥш аусмҩаԥгатә лҵшәас иаанашьҭыр алшо.Аҵарауаҩ иажәахә азкуп Аԥсны ацитрус шәырқәа иахьатәи рҭагылазаашьа, рырҿиара, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Ари азҵаарала иара аҭҵааратә ус мҩаԥигон."Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь ацитрус шәырқәа рганахьала Аԥсны аҭҵааратә ус мҩаԥгамызт. Уи аахыс иахьанӡа аҭагылазаашьа азгәаҭаны алкаақәа ҟаҵан. Уахь иаҵанакуеит Аԥсны иаҳа аперспектива змоу ацитрус шәырхкқәа еиқәырханы аколлекциа аҳасабала аума, ахатә баҳчақәа рҿы аума иаанханы иҟоу. Насгьы есышықәса ҳтәылаҿы иаадрыхуа астатистика, ахкқәа рхаҭабзиара, иаҳа еиӷьу алкааны ахархәара роурц ажәлар ирыдаҳгалаша азгәаҭан. Инаскьаганы иҟало ацитрус шәырқәа рыхкқәа ҳаман, аха уажәы заанҵы иҟало ахкқәа рахь ҳаиасуеит. Сара схаҭа исымоуп ахкқәа илысхыз, иаҳҳәап "Аолимпиатә" ҳәа ҳзышьҭоу. Насгьы ишьақәҳаргылахьеит иаҳцәыӡны иҟаз. Уажәшьҭа ацитрус шәырқәа ирыҵанакуа аколлекциа ицәгьамкәа ишьақәыргыланы иҳамоуп, аԥхьаҟа хәарҭара аманы ахархәара амазарц аҭҵаарадыррақәа мҩаԥган", - иҳәеит Сабекьиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0f/1052868142_273:0:2588:1736_1920x0_80_0_0_962c5dc097a3499b3a4c5fdd3faa820e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Сабекьиа аҵиааӡара иадҳәалоу Аҟәа имҩаԥысуа аконференциа атәы
13:15 15.11.2024 (ирҿыцуп: 15:55 15.11.2024) "Асубтропикатә ҵиааӡара иҭышәынтәалоу аҿиара аҭҵаарадырратә дгылара аҭара" захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны. Уи еиҿкаауп Аҟәатәи абаҳчатә қыҭанхамҩатә станциа аԥҵара 130 шықәса ахыҵреи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа аинститут аԥҵара 30 шықәса ахыҵреи инарымаданы. Аконференциа иалахәуп аԥсуеи аурыс ҵарауааи, имҩаԥысуеит абҵара 16-нӡа. Ақыҭанхамҩатә институт аусзуҩы, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа еиҭеиҳәеит аконференциаҿы иажәахә зызку, ас еиԥш аусмҩаԥгатә лҵшәас иаанашьҭыр алшо.
Аҵарауаҩ иажәахә азкуп Аԥсны ацитрус шәырқәа иахьатәи рҭагылазаашьа, рырҿиара, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Ари азҵаарала иара аҭҵааратә ус мҩаԥигон.
"Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь ацитрус шәырқәа рганахьала Аԥсны аҭҵааратә ус мҩаԥгамызт. Уи аахыс иахьанӡа аҭагылазаашьа азгәаҭаны алкаақәа ҟаҵан. Уахь иаҵанакуеит Аԥсны иаҳа аперспектива змоу ацитрус шәырхкқәа еиқәырханы аколлекциа аҳасабала аума, ахатә баҳчақәа рҿы аума иаанханы иҟоу. Насгьы есышықәса ҳтәылаҿы иаадрыхуа астатистика, ахкқәа рхаҭабзиара, иаҳа еиӷьу алкааны ахархәара роурц ажәлар ирыдаҳгалаша азгәаҭан. Инаскьаганы иҟало ацитрус шәырқәа рыхкқәа ҳаман, аха уажәы заанҵы иҟало ахкқәа рахь ҳаиасуеит. Сара схаҭа исымоуп ахкқәа илысхыз, иаҳҳәап "Аолимпиатә" ҳәа ҳзышьҭоу. Насгьы ишьақәҳаргылахьеит иаҳцәыӡны иҟаз. Уажәшьҭа ацитрус шәырқәа ирыҵанакуа аколлекциа ицәгьамкәа ишьақәыргыланы иҳамоуп, аԥхьаҟа хәарҭара аманы ахархәара амазарц аҭҵаарадыррақәа мҩаԥган", - иҳәеит Сабекьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.