Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль "Асду" аԥхьарбара мҩаԥысит

© Sputnik / Леон Адлейба Премьера спектакля "Асду"
Премьера спектакля Асду - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩ Алықьса Гогәуа ироман-рапсодиа иалху аспектакль "Асду" аԥхьарбара ҟалараны иҟан абҵара 12 рзы, аха атәылаҟны иуадаҩхаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны акырынтә иахыргеит. Анаҩс аспектакль дырбахоит абҵара 21, 23 рзы.
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Алықьса Гогәуа ироман иалху аспектакль "Асду" аԥхьарбара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы.
Атеатр аԥсуа классик имонументалтә рҿиамҭа иахьазхьаԥшыз даара игәахәароуп ҳәа азгәалҭеит аспектакль ахәаԥшцәа ируаӡәку, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.

"Апиесаҿы иззааҭгылоу атема, аидеиа, аамҭа арҭ зегьы иахьатәи ҳаамҭа иақәшәоит, избанзар акыр аџьамыӷәацәгьа зхызгахьоу ҳажәлар рымҩа убас иҟоуп, аҭоурых аамҭақәа зегьы рҿы ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ирыниоит, ажәлар рыԥсадгьыл рахгара рыцҳара дуӡӡоуп", — лҳәеит лара.

Иазгәалҭеит, Аԥсны лассы-ласс рыӡбахә шырҳәо зыԥсадгьыл иахырцаз, аха убриаан ишыргәаладмыршәо ара иаанхаз иуадаҩз аҭагылазаашьаҿ. Гогәуа иҩымҭа есаамҭа актуалра амоуп, избанзар аԥсуа жәлар рыԥсадгьыли дареи еиҟәыгашьа амаӡам лҳәеит Корсаиаԥҳа.
Аспектакль арежиссиор – Мадина Аргәынԥҳа, ароман шьаҭас измоу апиеса автор – Занда Какалиаԥҳа, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ – Нодар Ҵәыџьба. Акомпозитор Ҭемыр Агрба аспектакль азы иҩит акомпозициа ҿыцқәа, еицырдыруа амелодиақәа аранжировка рзиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0