Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷолариа абиблиотека аусзуҩцәа еидызкыло аконференциазы: еснагь иҿыцу ак уаҳауеит

Ҷолариа абиблиотека аусзуҩцәа еидызкыло аконференциазы: еснагь иҿыцу ак уаҳауеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа "Аинформациатә технологиақәа, акомпиутертә системақәа, абиблиотекақәа рзы акьыԥхьтә аалыҵқәа" ҳәа захьӡу, Суздаль имҩаԥысуа аконференциа далахәуп. Арадио Sputnik аефир аҿы иара дазааҭгылеит уаҟа ицәыргаз аҿыцрақәа ртәы, насгьы Амилаҭтә библиотека аҩаӡара, Урыстәыла иҟоу инарҿырԥшны.
Акомпиутертә технологиа абилиотека аус аҿы аларҵәара иазку акультуратә форум аҿы есышықәса иҿыцу атема цәырыргоит, уажәы иактуалны иқәгыло иԥсабаратәым аинтеллект иахьынӡахәарҭоу, ԥырхагас иамоу азҵаара иалацәажәан ҳәа азгәеиҭеит аинтервиу аҿы Ҷолариа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥснынтә аусмҩаԥгатә иалахәуп Гагра абиблиотека аусзуҩцәа, иара уас Амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәа.
"Ҳара иаҳҭаху абиблиотека аус аҿы ицәырҵуа зегьы Аԥсны ахархәара аманы аҟаҵара, аамҭа ҳанаало ҳцаларц, уиоуп аконференциа ҳзалахәугьы. Ара иаауа русушьеи ҳусушьеи анеидыскыло, ҳбиблиотека аҭагылазаашьа хар шамам еилыскаауеит ацифровизациа аганахьала", - ҳәа иҳәеит Ҷолариа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0