https://sputnik-abkhazia.info/20241122/urystylanti-iaaua-afymtsamch-akh-akhshaaup-abara-29-ryna---1052952762.html
Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа
Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа ҳәа иҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә... 22.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-22T13:46+0300
2024-11-22T13:46+0300
2024-11-22T16:46+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046446507_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_ea66d1a268aeab75265e01d3772d44da.jpg
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа ҳәа иҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.Иара иажәақәа рыла, урҭ рахьтә ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 360 миллион мааҭ азоужьуп, 200 миллион мааҭ – урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҟынтәи хықәкытә шәароуп. Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 285 миллион мааҭ акоммерциатә фымцамч аахәаразы инашьҭуп ҳәа иҳәеит Делба.2024 шықәсазы Урыстәылантәи афымцамч асоциалтә аашьҭра 302 миллион кВт-с. инаӡоит. 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу афымцамчиура амҽхак 326 миллион кВт-с. ҳәа азгәаҭоуп. Урыстәылатәи аилахәыра "ИнтерРАО" заҵәык шакәу аҳәаанырцәҟа афымцамч ашьҭра зылшо. 2023 шықәсазы "Амшынеиқәафымцамчи" ари аилахәыреи афымцамч аиуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокумент инақәыршәаны 2024 шықәсазы Аԥсны афымцамч кВт-с. 4 мааҭк рҟынӡа аԥара ахнашәаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046446507_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_09cc0ab236dc876917a5927d3bb471b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа
13:46 22.11.2024 (ирҿыцуп: 16:46 22.11.2024) АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә ахшәаауп абҵара 29 рҟынӡа ҳәа иҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Афинансқәа рминистр и.н. Владимир Делба ишиаҳәаз ала, сынтәа ааидкыланы Аԥсны аенергетика аусхк амаҵзуразы 560 миллион мааҭ азоужьуп.
Иара иажәақәа рыла, урҭ рахьтә ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 360 миллион мааҭ азоужьуп, 200 миллион мааҭ – урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҟынтәи хықәкытә шәароуп.
Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 285 миллион мааҭ акоммерциатә фымцамч аахәаразы инашьҭуп ҳәа иҳәеит Делба.
2024 шықәсазы Урыстәылантәи афымцамч асоциалтә аашьҭра 302 миллион кВт-с. инаӡоит. 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу афымцамчиура амҽхак 326 миллион кВт-с. ҳәа азгәаҭоуп. Урыстәылатәи аилахәыра "ИнтерРАО" заҵәык шакәу аҳәаанырцәҟа афымцамч ашьҭра зылшо. 2023 шықәсазы "Амшынеиқәафымцамчи" ари аилахәыреи афымцамч аиуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокумент инақәыршәаны 2024 шықәсазы Аԥсны афымцамч кВт-с. 4 мааҭк рҟынӡа аԥара ахнашәаауеит.