https://sputnik-abkhazia.info/20241123/shacha-amshtsga-aalaraz-aganyzaara-ryoup-1052955311.html
Шәача амшцәгьа аҟалараз агәҽанызаара рыҭоуп
Шәача амшцәгьа аҟалараз агәҽанызаара рыҭоуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ари аҩыза аԥсабаратә цәырҵрақәа азгәаҭаӡам. Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауала амҽышаҽны ақәа леиуеит, адыд-мацәыс ҟалоит, ашьхарахь асы леиуеит. 23.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-23T13:10+0300
2024-11-23T13:10+0300
2024-11-23T13:19+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1d/1046625691_0:146:3126:1904_1920x0_80_0_0_77c37e0dc0e31066ef8fa2f477d99ce9.jpg
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Абҵара 24 рзы Шәачеи Сириуси аԥшацәгьа ҟалоит ҳәа агәҽанызаара ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҟәша.Иазгәаҭоуп ақәаршҩы ӷәӷәа, адыд-мацәыс, аԥшаласра секундкала 23 метра рҟынӡа, ашьхарахь асы рацәаны алеира. Аусбарҭа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьнагоит, иҟалар зылшо аҭагылазаашьа азы адырраҭарақәа рықәныҟәара, аԥшаӷәӷәа асраан аҩны идәыламҵырц, адгьылаҵатәи амҩадуқәа рҿы ма аҭаларҭақәа рҿы аҽыҵәахырҭа рыԥшаарц, аҩнқәа рҭыӡқәеи, аӡыргаратә ӷәқәеи, аҵлақәа рымҵани, афымцацәаҳәақәеи ирыҵамгыларц.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1d/1046625691_198:0:2929:2048_1920x0_80_0_0_b15642ae03034e6d10ad4da48c01da55.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Шәача амшцәгьа аҟалараз агәҽанызаара рыҭоуп
13:10 23.11.2024 (ирҿыцуп: 13:19 23.11.2024) Аԥсны ари аҩыза аԥсабаратә цәырҵрақәа азгәаҭаӡам. Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауала амҽышаҽны ақәа леиуеит, адыд-мацәыс ҟалоит, ашьхарахь асы леиуеит.
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Абҵара 24 рзы Шәачеи Сириуси аԥшацәгьа ҟалоит ҳәа агәҽанызаара ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҟәша.
Иазгәаҭоуп ақәаршҩы ӷәӷәа, адыд-мацәыс, аԥшаласра секундкала 23 метра рҟынӡа, ашьхарахь асы рацәаны алеира.
"Аҳауатә лышәшәарақәа ирыхҟьаны, аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵыр ашоит, маҷк аӡымҭҟьар леир ҟалоит, абҵара 24-25 рзы Магры амшын аҿы аԥшатлакә цәгьақәа ҟалар алшоит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Аусбарҭа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьнагоит, иҟалар зылшо аҭагылазаашьа азы адырраҭарақәа рықәныҟәара, аԥшаӷәӷәа асраан аҩны идәыламҵырц, адгьылаҵатәи амҩадуқәа рҿы ма аҭаларҭақәа рҿы аҽыҵәахырҭа рыԥшаарц, аҩнқәа рҭыӡқәеи, аӡыргаратә ӷәқәеи, аҵлақәа рымҵани, афымцацәаҳәақәеи ирыҵамгыларц.