https://sputnik-abkhazia.info/20241126/agalashara-eizyrkho-asny-zhlar-ryntylat-eibashra-amuzei-30-shysa-akhyit-1052982075.html
Агәалашәара еиқәзырхо: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи 30 шықәса ахыҵит
Агәалашәара еиқәзырхо: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи 30 шықәса ахыҵит
Sputnik Аҧсны
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы иаадыртит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи. 26.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-26T15:54+0300
2024-11-26T15:54+0300
2024-11-26T15:54+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/1a/1052980755_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_67b8d21d74db77b19aa1f20d83743619.jpg
30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы иаатит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку Гәдоуҭатәи амузеи. Аԥхьанатә иара амузеи-ҳәырԥсарра "Абазгиа" акәын.Аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны раԥхьаӡатәи амузеи аартраз зеиԥш ҭагылазаашьаз иаԥҵаз, уи аҿы раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба инаигӡаз ароль, иара хаҭала амузеи иаиҭаз ҳамҭақәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, SputnikГәдоуҭа амузеи аартра азҵаара асовет аамҭазгьы иқәдыргылахьан. Усҟан араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Владимир Инал-иԥа Гәыгәыца Џьыкырԥҳа длыҳәеит Гәдоуҭаҟа дхынҳәны, иаартхараны иҟоу амузеи азы аетнографиатә материалқәа реизгара далагарц.Аԥхьаҟатәи амузеи ахьдыргылаша аҭыԥ ҳәа Амҳаџьыраа рымҩаду аҿы иҟоу аҭоурыхтә хыбра алкаан. Зны ара иҟан абырзен школ, нас ақалақьтә библиотека.Аха урҭ агәҭакқәа рынагӡара лахьынҵаны иҟамызт. 1992 шықәсазы нанҳәамзазы аибашьра алагоит. Гәдоуҭа Аԥсны аамҭала иаҳҭнықалақьны иҟалоит. Амузеи аха ыҟамызт усҟан.Аблокадатә музеиАибашьра ашьҭахь Гәыгәыца Џьыкырԥҳа деиҭазыхынҳәит амузеи аартра азҵаара. Аха акультура аминистрра мап ацәыркуеит. Амзыз – абиуџьет аҿы аԥара ыҟам. Абри ашьҭахь лара хаҭала амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба иахь лхы лырхарц лыӡбеит."Усҟантәи аамҭазы астационартә ҭелқәа ракәын иҟаз. Ҳшеибазымдыруазгьы, сара Владислав Григори-иԥа аҭел сизасит. Гәдоуҭа амузеи аартра ҳҭахуп анысҳәа, даара деигәырӷьеит. Ҳаиԥылап иҳәеит. Ақалақь аҿы Гәынба Баҭал дсықәшәеит, сыгәҭакқәа изеиҭасҳәеит, Арӡынба иахь дсыццарцгьы сиҳәеит. Ҳаицны Владислав Григори-иԥа иахь ҳцеит. Ҳаннеи, секундқәак рышьҭахь, иара хаҭала ашә аартны дааҳԥылеит", — илгәалалыршәоит Џьыкырԥҳа.Раԥхьатәи ахада икабинет ахь инеирц игылаз аҭааҩцәа шырацәазгьы, Владислав Арӡынба иаразнак "Гәдоуҭантәи асасцәа дуқәа" ааԥхьара риҭеит.Актәи ахада даара игәаԥхеит амузеи аартра аидеиа.Аекономикатә блокада шыҟазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара ауадаҩрақәа шацызгьы, амузеи аартразы аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Абиуџьет аҿы аԥара рацәа ыҟамызт, даара ҳҳаи-ҳҷышьи еихьаҳагӡалар акәын. Амҳаџьырқәа рымҩаду аҿы игылаз ахыбра аиҿкаара ҳалагеит, аамҭакала аԥхьаҟатәи аекспозициазы аматериалқәагьы еизаагон."Амузеи азы иалхыз аҭоурыхтә ҩны аҿы хә-уадак ыҟан, урҭ реиҿкаара ҳалагеит. Владислав Григори-иԥа араион ахь дааны, аусура амҩаԥысшьа хаҭала азҿлымҳара аиҭон, аспонсорцәа иԥшааит, иара ихаҭагьы ацхыраара ҟаиҵон", ҳәа азгәалҭоит Џьыкырԥҳа.1994 шықәса абҵарамза 26 рзы Гәдоуҭатәи амузеи аҿы иаатит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ирызкыз раԥхьатәи ацәыргақәҵа. Ари ахҭыс хаҭала далахәын Владислав Арӡынба.Акыраамҭа доусы иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа рҿаԥхьа дгылан дрыхәаԥшуан, илаӷырӡқәа изынкыломызт. Арӡынба уа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит амузеи Гәдоуҭа араион ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, Аԥсны зегьы аҭоурых аанарԥшыр шахәҭоу, избан акәзар Аԥсны аамҭалатәи аҳҭнықалақь араҟа иҟан ҳәа.Иара убри аҽны иҭахаз аибашьцәа ранацәа, Владислав Арӡынба дрыцны, аԥсуаа рытрадициатә гәалашәаратә цәашьы – ашьамаҟа адыркит. Ахыбра ҿыц андыргыла ашьҭахь ҩажәа шықәса ҵуаны, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рзал агәҭа аинсталлиациа ықәыргылан – агәалашәаратә цәашьы асахьа аҭаны.Аинрал игәалашәаразыАԥхьанатә амузеи "Абазгиа" ҳәа иашьҭан. Анаҩс иара аусзуҩцәа Владислав Арӡынба иаҳаҭыр азы, ари акультуратә хыбра ихьӡ ахҵара ҳҭаххеит. Усҟан иара иԥсы ҭан.Амузеи аусзуҩцәа ус иагьыҟарҵеит. Раԥхьатәи ахада иаҳаҭыр азы азал аадыртит. Уаҟа иаарԥшуп Владислав Арӡынба ихатә маҭәахәқәеи, аус аниуаз дызхатәаз астол, ҳамҭас ирҭаз арратә хсаалагақәа."Абарҭ аекспонатқәа зегьы иара хаҭала амузеи иаиҭеит. Абра иҟоуп иара хаҭала инапы зҵаиҩыз аҳәамҭақәа. Иаагоуп ахсаалақәа аибашьраан аԥсуаа рхы иадырхәоз. Владислав Арӡынба екземпляр заҵәыкны иҟазгьы ҳмузеи ииаиҭақәаз ыҟоуп. Дара зегьы хаҭала инапы рыҵаҩуп", ҳәа еиҭеиҳәеит Џьыкырԥҳа.Есышықәса, амузеи аартра амш аҽны, Владислав Арӡынба акультуратә хыбразы аҳамҭақәа ҟаиҵон. Убас, иара иҟынтәи ҳамҭаны иҳауит асахьа, агәыцәзаҵә-шәақь, аҳәақәа, аԥсуа ҳәсақәа рыраӡын маҟақәа, ахацәа ркәадыр уҳәа убас иҵегьы.Хәыҷы-хәыҷла амузеи архив аҽарҭбаауан, аҭыԥ азымхо иҟалеит. 2012 шықәсазы адирекциа Александр Анқәаб иҳәеит ахыбра арҭбаареи аиҭашьақәыргылареи рзы ацхыраара ҟаиҵарц. Аҳәара нагӡан, аргылаҩцәа аусура иалагеит. Фышықәса рышьҭахь ахыбра ҿыц дыргылеит.2018 шықәсазы амузеи ашәқәа аҭааҩцәа рзы еиҭаартхеит. Иахьазы Гәдоуҭатәи акультуратә хан хадаҿы быжь-залк ыҟоуп.Актәи ахада зны ишиҳәаз еиԥш, араҟа иаԥҵан Мрагыларахьтәии Мраҭашәарахьтәии афронтқәа, амҳаџьырцәа, арепрессиақәа ирыҵакхаз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз аԥсуаа уҳәа убас егьырҭгьы ирызку азалқәа.Уажәы Гәдоуҭатәи амузеи аҵыхәтәантәи, аабатәи азал аартразы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Уи аԥсуаа ркультуреи рыбзазареи ирызкуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/1a/1052980755_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_2f6562eee32349c4c6fe201ef69e1a25.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Агәалашәара еиқәзырхо: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи 30 шықәса ахыҵит
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы иаадыртит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи.
30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы иаатит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку Гәдоуҭатәи амузеи. Аԥхьанатә иара амузеи-ҳәырԥсарра "Абазгиа" акәын.
Аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны раԥхьаӡатәи амузеи аартраз зеиԥш ҭагылазаашьаз иаԥҵаз, уи аҿы раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба инаигӡаз ароль, иара хаҭала амузеи иаиҭаз ҳамҭақәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik
Гәдоуҭа амузеи аартра азҵаара асовет аамҭазгьы иқәдыргылахьан. Усҟан араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Владимир Инал-иԥа Гәыгәыца Џьыкырԥҳа длыҳәеит Гәдоуҭаҟа дхынҳәны, иаартхараны иҟоу амузеи азы аетнографиатә материалқәа реизгара далагарц.
"Сара усҟан аус зуан Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны. Сара Гәдоуҭа даара бзиа избон. Арахь схынҳәит аҭоурыхтә материалқәа реизгаразы. "Аԥсуа рышәк", "Кьараз" алахәылацәа ирызкны, 1941-1945 шықәсқәа раан араион аҿы иҟалаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирызкны аматериалқәа еизызгон" ҳәа илгәалаиршәоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи адиректор Гәыгәца Џьыкырԥҳа.
Аԥхьаҟатәи амузеи ахьдыргылаша аҭыԥ ҳәа Амҳаџьыраа рымҩаду аҿы иҟоу аҭоурыхтә хыбра алкаан. Зны ара иҟан абырзен школ, нас ақалақьтә библиотека.
Аха урҭ агәҭакқәа рынагӡара лахьынҵаны иҟамызт. 1992 шықәсазы нанҳәамзазы аибашьра алагоит. Гәдоуҭа Аԥсны аамҭала иаҳҭнықалақьны иҟалоит. Амузеи аха ыҟамызт усҟан.
Аибашьра ашьҭахь Гәыгәыца Џьыкырԥҳа деиҭазыхынҳәит амузеи аартра азҵаара. Аха акультура аминистрра мап ацәыркуеит. Амзыз – абиуџьет аҿы аԥара ыҟам. Абри ашьҭахь лара хаҭала амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба иахь лхы лырхарц лыӡбеит.
"Усҟантәи аамҭазы астационартә ҭелқәа ракәын иҟаз. Ҳшеибазымдыруазгьы, сара Владислав Григори-иԥа аҭел сизасит. Гәдоуҭа амузеи аартра ҳҭахуп анысҳәа, даара деигәырӷьеит. Ҳаиԥылап иҳәеит. Ақалақь аҿы Гәынба Баҭал дсықәшәеит, сыгәҭакқәа изеиҭасҳәеит, Арӡынба иахь дсыццарцгьы сиҳәеит. Ҳаицны Владислав Григори-иԥа иахь ҳцеит. Ҳаннеи, секундқәак рышьҭахь, иара хаҭала ашә аартны дааҳԥылеит", — илгәалалыршәоит Џьыкырԥҳа.
Раԥхьатәи ахада икабинет ахь инеирц игылаз аҭааҩцәа шырацәазгьы, Владислав Арӡынба иаразнак "Гәдоуҭантәи асасцәа дуқәа" ааԥхьара риҭеит.
Актәи ахада даара игәаԥхеит амузеи аартра аидеиа.
- Ҳәашьак ақәӡам. Гәдоуҭа аибашьраан инанагӡаз ароль даара идуун. Сара, ҳәарада, сшәыцхраауеит. Аматериалқәа реизгара шәалага, - иҳәеит иара.
Аекономикатә блокада шыҟазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара ауадаҩрақәа шацызгьы, амузеи аартразы аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Абиуџьет аҿы аԥара рацәа ыҟамызт, даара ҳҳаи-ҳҷышьи еихьаҳагӡалар акәын. Амҳаџьырқәа рымҩаду аҿы игылаз ахыбра аиҿкаара ҳалагеит, аамҭакала аԥхьаҟатәи аекспозициазы аматериалқәагьы еизаагон.
"Амузеи азы иалхыз аҭоурыхтә ҩны аҿы хә-уадак ыҟан, урҭ реиҿкаара ҳалагеит. Владислав Григори-иԥа араион ахь дааны, аусура амҩаԥысшьа хаҭала азҿлымҳара аиҭон, аспонсорцәа иԥшааит, иара ихаҭагьы ацхыраара ҟаиҵон", ҳәа азгәалҭоит Џьыкырԥҳа.
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы Гәдоуҭатәи амузеи аҿы иаатит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ирызкыз раԥхьатәи ацәыргақәҵа. Ари ахҭыс хаҭала далахәын Владислав Арӡынба.
Акыраамҭа доусы иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа рҿаԥхьа дгылан дрыхәаԥшуан, илаӷырӡқәа изынкыломызт. Арӡынба уа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит амузеи Гәдоуҭа араион ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, Аԥсны зегьы аҭоурых аанарԥшыр шахәҭоу, избан акәзар Аԥсны аамҭалатәи аҳҭнықалақь араҟа иҟан ҳәа.
"Ари амузеи, ихәыҷызаргьы, агрессор иҿагыланы зыԥсадгьыл зыхьчоз Аԥсны иналукааша аҵеицәа ргәалашәара иабаҟоуп. Амузеи "Абазгаа" аекспонатқәа ахьаа ду арҵысра мацара адагьы, агәадуреи аџьшьара дуи узцәырыргоит", - анҵамҭа аанижьит Владислав Григори-иԥа.
Иара убри аҽны иҭахаз аибашьцәа ранацәа, Владислав Арӡынба дрыцны, аԥсуаа рытрадициатә гәалашәаратә цәашьы – ашьамаҟа адыркит. Ахыбра ҿыц андыргыла ашьҭахь ҩажәа шықәса ҵуаны, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рзал агәҭа аинсталлиациа ықәыргылан – агәалашәаратә цәашьы асахьа аҭаны.
© Sputnik / Дадын Тыркба С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
© Sputnik / Дадын Тыркба С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
© Sputnik / Бадри Есиава С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи

© Sputnik / Томас ТхайцукС.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи

Аԥхьанатә амузеи "Абазгиа" ҳәа иашьҭан. Анаҩс иара аусзуҩцәа Владислав Арӡынба иаҳаҭыр азы, ари акультуратә хыбра ихьӡ ахҵара ҳҭаххеит. Усҟан иара иԥсы ҭан.
"Аха иара ари аус ӷәӷәала даҿагылеит. Ус ҳаиҳәеит: "Сергеи Платон-иԥа (аинрал Сергеи Дбар) иԥсҭазаара далҵижьҭеи рацәак ҵӡом. Сергеи Платон-иԥа игәалашәара иазкны ихьӡ амузеи иахышәҵа" ҳәа", — илгәалалыршәоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Амузеи аусзуҩцәа ус иагьыҟарҵеит. Раԥхьатәи ахада иаҳаҭыр азы азал аадыртит. Уаҟа иаарԥшуп Владислав Арӡынба ихатә маҭәахәқәеи, аус аниуаз дызхатәаз астол, ҳамҭас ирҭаз арратә хсаалагақәа.
"Абарҭ аекспонатқәа зегьы иара хаҭала амузеи иаиҭеит. Абра иҟоуп иара хаҭала инапы зҵаиҩыз аҳәамҭақәа. Иаагоуп ахсаалақәа аибашьраан аԥсуаа рхы иадырхәоз. Владислав Арӡынба екземпляр заҵәыкны иҟазгьы ҳмузеи ииаиҭақәаз ыҟоуп. Дара зегьы хаҭала инапы рыҵаҩуп", ҳәа еиҭеиҳәеит Џьыкырԥҳа.
© Sputnik / Томас ТхайцукС.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
© Sputnik / Томас ТхайцукС.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
© Sputnik / Томас ТхайцукС.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи
Есышықәса, амузеи аартра амш аҽны, Владислав Арӡынба акультуратә хыбразы аҳамҭақәа ҟаиҵон. Убас, иара иҟынтәи ҳамҭаны иҳауит асахьа, агәыцәзаҵә-шәақь, аҳәақәа, аԥсуа ҳәсақәа рыраӡын маҟақәа, ахацәа ркәадыр уҳәа убас иҵегьы.
Хәыҷы-хәыҷла амузеи архив аҽарҭбаауан, аҭыԥ азымхо иҟалеит. 2012 шықәсазы адирекциа Александр Анқәаб иҳәеит ахыбра арҭбаареи аиҭашьақәыргылареи рзы ацхыраара ҟаиҵарц. Аҳәара нагӡан, аргылаҩцәа аусура иалагеит. Фышықәса рышьҭахь ахыбра ҿыц дыргылеит.
2018 шықәсазы амузеи ашәқәа аҭааҩцәа рзы еиҭаартхеит. Иахьазы Гәдоуҭатәи акультуратә хан хадаҿы быжь-залк ыҟоуп.
Актәи ахада зны ишиҳәаз еиԥш, араҟа иаԥҵан Мрагыларахьтәии Мраҭашәарахьтәии афронтқәа, амҳаџьырцәа, арепрессиақәа ирыҵакхаз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз аԥсуаа уҳәа убас егьырҭгьы ирызку азалқәа.
Уажәы Гәдоуҭатәи амузеи аҵыхәтәантәи, аабатәи азал аартразы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Уи аԥсуаа ркультуреи рыбзазареи ирызкуп.