Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адәныҟаполитикатә усбарҭа: Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, иҭынчуп

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2024
Анапаҵаҩра
Абҵара 15 рзы Аҟәа имҩаԥысыз аҿагыларатә қәгыларақәа ирыхҟьаны атәыла ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби рмаҵурақәа аанрыжьит.
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, иҭынчуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
"Абҵарамза агәазы аҭыԥ змаз аполитикатә кризис аҭыԥантәи, аҩнуҵҟатә аполитикатә ҟазшьа аман, насгьы аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ихыркәшахеит. Атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭынчуп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа еснагь еиԥш рнапынҵақәа нарыгӡоит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит, аилаҩынтрақәа ирызку иарбан ҳәамҭазаалак шҵабаргым, насгьы Аԥсныҟа иаауа асасцәа рзы агәҭынчымра аарԥшразы шҵаҵӷәыдоу, шәарҭара шыҟам.
Ажәабжьқәа зегьы
0