https://sputnik-abkhazia.info/20241127/izraili-livani-rybzhara-aamalati-ainyshara-amchra-aiuit-1052994660.html
Израили Ливани рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит
Израили Ливани рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Израили Ливани рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. 27.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-27T11:40+0300
2024-11-27T11:40+0300
2024-11-27T11:58+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/0c/1048576924_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_928fcff1368c3497e942175794918006.jpg
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Израили Ливани рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.Аҭышәныртәаларатә план рыднагалеит Вашингтон. Уи инақәыршәаны, 60 мыш рыла Ливантәи ар атәыла аладатәи аҵакырақәа ааныркылароуп, "Хезболла" амчқәа – Израиль аҳәаа 20-30 километра инахыкны ииасуа аӡиас Литани аҩадахьыҟа ирнахароуп. Уи аамҭазы Израиль аруаа Ливан иалнагароуп. Уи адагьы, Америка еиду аштатқәа напхгара ззыруа, аинышәара аԥҟаррақәа рықәныҟәара ашьклаԥшра мҩаԥызго жәларбжьаратәи ахылаԥшратә еилак аԥҵахоит. Израиль 2024 шықәса жьҭаара 1 ауха Ливан аладатәи ахәҭаҿы адгьылхыхьтә операциа иалагеит, Израиль аҩадатәи ахәҭаҿы инхо ауаԥшьқәа ашәарҭара иҭазыргыло "Хезболла" атеррористтә ргыларақәа аинфраструктуреи рганахь ала "иԥку, ахықәкылатә гәаҭарақәа" мҩаԥаагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаҵаны. Тель-Авив иахықәкы хаданы аӡбахә аҳәеит 60 нызқьҩык урҭ ауаԥшьқәа руааԥсыра рырхынҳәраз аҭагылазаашьа аԥҵара, дара арҭ аҭыԥқәа ирхыган шықәсык аԥхьа палестинатәи "Хамас" иадгыланы "Хезболла" рылахысра ианалага ашьҭахь.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/0c/1048576924_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_35faf2cd634f16d3fdbe9eba902664db.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Израили Ливани рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ахымца аанкылара амч аиуит лаҵарамза 27 аҭыԥантәи аамҭала 04:00 рзы (Москватәи аамҭала 5:00 рзы). Уи аамҭа ашьҭахь, аҩ-ҳәынҭқаррак рырбџьар мчқәа абзарбзанла ахысрақәеи дронла ажәыларақәеи рзы адырра ҟарымҵеит.
Аҭышәныртәаларатә план рыднагалеит Вашингтон. Уи инақәыршәаны, 60 мыш рыла Ливантәи ар атәыла аладатәи аҵакырақәа ааныркылароуп, "Хезболла" амчқәа – Израиль аҳәаа 20-30 километра инахыкны ииасуа аӡиас Литани аҩадахьыҟа ирнахароуп.
Уи аамҭазы Израиль аруаа Ливан иалнагароуп. Уи адагьы, Америка еиду аштатқәа напхгара ззыруа, аинышәара аԥҟаррақәа рықәныҟәара ашьклаԥшра мҩаԥызго жәларбжьаратәи ахылаԥшратә еилак аԥҵахоит.
Израиль 2024 шықәса жьҭаара 1 ауха Ливан аладатәи ахәҭаҿы адгьылхыхьтә операциа иалагеит, Израиль аҩадатәи ахәҭаҿы инхо ауаԥшьқәа ашәарҭара иҭазыргыло "Хезболла" атеррористтә ргыларақәа аинфраструктуреи рганахь ала "иԥку, ахықәкылатә гәаҭарақәа" мҩаԥаагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаҵаны.
Тель-Авив иахықәкы хаданы аӡбахә аҳәеит 60 нызқьҩык урҭ ауаԥшьқәа руааԥсыра рырхынҳәраз аҭагылазаашьа аԥҵара, дара арҭ аҭыԥқәа ирхыган шықәсык аԥхьа палестинатәи "Хамас" иадгыланы "Хезболла" рылахысра ианалага ашьҭахь.