Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит Николь Џьинџьолиа лзы

© Sputnik / Томас Тхайцук Подопечная фонда "Ашана" Николь Джинджолия
Подопечная фонда Ашана Николь Джинджолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит Николь Џьинџьолиа лзы.
Ахәыҷы ачымазара — муковисцидоз лымоуп, уи агенетика шьҭралатәи ачымазарақәа зегь раасҭа аларҵәара змоу чмазароуп, арԥҳақәеи афатәырсаратә системеи ааха анаҭоит.
Есыҽны Николь сааҭбжак инеиҳаны аингалиациақәа ҟалҵоит. Лчымазара анҽанарцәгьо аамҭазы лара ашкол ахь дцаӡом, анапкымҭақәагьы рыҟаҵарахь дныҟәаӡом, аӡәгьы диацәажәаӡом.
Уажәы лԥынҵала лыԥсыԥ алагаҩагара ахьалцәыуадаҩу иахҟьаны лцәеижь иахәҭоу ахәшәқәа аиуӡом.
Николь ахәшәтәырҭахь дышьҭалароуп, дԥырҟароуп. Лара илзыԥшуп Урыстәыла агәабзиарахьчара иатәу ФГАУ "НМИЦ здоровья детей" аҟны Москва.
Уи азы еизгатәуп — 120 000 мааҭ.
Ахәыҷы лыцхыраара шалшо атәы арбоуп афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0