Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АКХ ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа Хада атәыла ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы аусмҩаԥгатә хадақәа рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 17 инаркны 2025 шықәса ажьырныҳәа 6 рҟынӡа аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩра мҩаԥгахоит, аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа ркандидатурақәа ықәыргылахоит;
ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥысуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 16 рҟынӡа;
жәабран 5 инаркны АКХ алхҩцәа рсиақәа аладырҵәалоит ауаа дырдырразы;
жәабран 5 инаркны АКХ абжьыҭира аамҭеи аҭыԥи рзы алхҩцәа адырра рнаҭоит;
жәабран 13-14 рзы алхратә комиссиақәа абжьыҭиратә бӷьыцқәа рыла реиқәыршәара мҩаԥыргоит;
жәабран 15 асааҭ 08:00 инаркны 20:00 рҟынӡа Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит;
2025 шықәса жәабран 18 рҟынӡа алхрақәа рылҵшәақәа рыԥхьаӡоит, алхрақәа рылҵшәақәа рзы аԥкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥыргоит;
аԥкаанҵа анапаҵыҩра амш инаркны хымш рыҩнeҵҟа алхрақәа рзеиԥш еихшьаалақәа ркьыԥхьуеит;
аиҭабжьыҭира арыцхә 14 мшы ирхымгакәа ишьақәыргылатәуп.
Жәабран 15 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит.
Аслан Бжьаниа имаҵура аанижьит абҵара 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ԥшьымш имҩаԥысуаз ақәгыларақәа рышьҭахь. Аиҳабыреи аоппозициеи акыр сааҭ имҩаԥыргаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь аҳәынҭқарра ахадеи аԥыза-министри рҭыԥқәа ааныжьразы еиқәшаҳаҭхеит.
Выборы президента Абхазии в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2024
Аԥсны
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рымҩаԥгара 25 миллион мааҭ аҭаххоит
Ажәабжьқәа зегьы
0