Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Маршьан аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Маршьан аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рымҩаԥгара шеиҿкаахо, алхрақәа рзы азакәан аԥсахрақәа алагалоума, иҟарҵаз ажәалагалақәа арбаныз, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Жәабран 15 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит.
Алхрақәа рымҩаԥгараан иахьа иҟоу Аконституциатә закәан "Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аԥҟарақәа аанхоит, иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Иара иажәақәа, 2020 шықәсазы аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара аанханы иҟоуп, уи аӡәгьы иаҟәимхӡеит.
"Ҳара ҳганахьала ажәалагалақәа ҟаҳҵеит Апарламент ахь, уаҟа иахәаԥшит иахаҵгылаз рацәаҩуп, аха заанаҵтәи алхрақәа ирыхҟьаны ҿыц аԥҟарақәа рыдкылара аҭагылазаашьа рмоуит. Уи шықәсык ҵуеит иҳашьҭиижьҭеи, аха аамҭа рыцәцеит, заанаҵтәи алхрақәа рҵыхәала изхьымӡаз рацәоуп. Иацы Жәлар Реизара алхратә амш шьақәдырӷәӷәазар, уажәшьҭа аԥҟарақәа рыԥсахразы аамҭа рыцәцеит ҳәа сгәы иаанагоит, иахьатәи азакәан иану ҳақәныҟәалоит", - иҳәеит Маршьан.
"Зегьы рҿагылара" ацәаҳәа ԥсахрада иаанхоит, аԥхьаӡара шԥамҩаԥысуеи ҳәа азҵаара цәырҵыр, 2020 шықәсазы аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа иқәныҟәоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0