Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хаа-мыхаала ҭагалан наскьаго: ахаатә зхылҵуа "ашьхымӡа кәашара"

© Sputnik / Томас Тхайцук Раник (Аслан) Кове на пасеке в с. Куланырхуа
Раник (Аслан) Кове на пасеке в с. Куланырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2024
Анапаҵаҩра
"Ҭагалан ашәыгақәа еилыԥхоит, аӡын ҭаца дааигәахоит"
Инна Аҳашԥҳа лажәеинраала ацәаҳәақәа: "Ҭагалан ашәыгақәа еилыԥхоит, аӡын ҭаца дааигәахоит" зеиӷь ыҟам ала ианаалоит уажә ҳазҭагылоу амзартә аамҭа. Ҭагалан наскьыцыԥхьаӡа аԥхынтәи аԥхаррақәа рыгәхьаагара узцәырҵуеит. Аха уи иаԥсахуеит ихәыжжаӡа еиқәыло аӡынтәи амца, алакҭа унҭаԥшаанӡа ухы-угәы зырԥхо.
Ҭагалан наскьаго традициала уи абеиара зегь еинҭәыланы иҟазҵо ашәыри ауҭраҭыхқәеи рыла аишәа чыс дырхиоит: абысҭа ԥха ашә агәылыҵәҵәа, акәац ҵааны аԥацха ахәыблы иаақәхны, арҵәқәа уаркалеиуа, акаканхәша згәылыҳәҳәо ачаԥақәа, ицаҳәцаҳәо ажьаӷь уатка, узырҩышьуа амаҷар, ахаа зхьыкәкәо аҳарданыжь, нанду лҭаҵәах – аџьынџьыхәа…
Абас аҽаҩра беиа ҳзаазго ҭагалан иара абеиарала иагьынаскьаргоит, хаатәыла иақәныҳәоит ҽаантәи аҽаҩра еиҳагьы ибеиахо, еиҳахо ҳәа.
Ахаатә зхылҵуа "ашьхақәа рыкәашара"
Ахаатә анаҳҳәа, иарбан ахаатә ҳәа иԥхьаӡоу? Аԥсуаа рҟны ахаатәқәа зегь раԥхьа игылоуп – ацха, асаранџь. Анкьа ашьақар анрымамыз, аагара, аахәара аныцәгьаз, аԥсуаа ашьақар ацымхәрас рхы иадырхәон ацха. Усҟан ашьхымӡақәа меигӡарахда ирааӡон. Ашьхымӡақәагьы ирзышәарыцон, ашәарыцара ахкқәа иреиуан. Ашьхымӡа ахьыҟаз атәарҭа аҭыԥқәа ԥшааны ашьхантә илбааргон, ашьхагәарақәа ҟарҵон. Ашьхааӡара анцәахәы Анана-Гәында аԥсуаа рынцәахәқәа рпантеон аҟны ихадароу аҭыԥ ааннызкыло ируакуп. Аԥсуаа ашьхааӡара пату шырзақәу аршаҳаҭуеит рқьабзтә чысқәа рҟны ацхалых аҳра аманы иахьыҟоу жәытәаахыс иахьагьы. Урҭ иреиуоуп: ацхаӡҩа, аҳалуа, ацхамгьал. Дара ныҳәагатә чысны иҟоуп уҳәар ауеит. Иара убас, ныҳәагас ирбылуа ацәа ҳаҭыр дула иазыҟоуп.
Аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2019
"Анана-Гәында лыцхеиԥш инҵәаӡом!": аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара
Зегь реиҳа ихаау, ашьақар злыҵуа ацха ҳзаазго ашьхақәа ирымазаап дара реицәажәага бызшәа ҷыда. Уи "акәашаратә бызшәа" ҳәа иашьҭоуп. Аҵарауаҩ Пиотр Кәыҵниа ишиҩуа ала, "адырра ҟазҵарц зҭаху ашьхыц алагоит дара еилыркаауа аҵак ҷыда змоу анеиааира, аныҟәара, акәашара. Убриала ашьхыц – аԥшыхәыҩ, иалшоит амати змоу ашәҭқәа ахьыҟоу егьырҭ ашьхыцқәа реилыркаара. "Акәашара" мҩаԥысуеит ашьхымӡа аҩнуҵҟа, алашьцараҿ, асаранџьқәа рыбжьара, аха уи дара заманала ирбарҭоуп".
Ахаа
Ацха ахаҭа ажәлар рҿы ахаа зхылҵуа, ахаа зырҿио, абарақьаҭра иасимволуп. Иашоу асимволика иаҿагылоуп. Иаҳҳәап, ауаҩы абзиара анидыркыло, "уԥсҭазаара ацха еиԥш ихаахааит" рҳәоит. Аҭаца аҩны даныҩнаргало ашьақар-камфеҭқәа лықәыԥсара "быԥсҭазаара хаахааит" аҵакалоуп ачараура ақьабзқәа рҟны ишуԥыло. Аишәаргылара ақьабзқәа рҟны акәзар, ацхаӡҩа, аҳалуа, ихаау ақашьқәа зыдунеи зыԥсаххьо нарцәытәи рыԥсҭазаара џьанаҭхарц, "ргәы аҟаҵара" иазкуп. Ақьабзтә ритуалқәа рнаҩсангьы, аԥсуаа рҟны аҩны сасык дааир, аԥхьа хаатәыла иԥылоит жәынгьы ҿангьы, ашьҭахь ауп егьырҭ ихадароу ачысхкқәа рахь ианиасуа. Уи алагьы иааиз ауаҩы игәы иҭазаалакгьы раԥхьа игәы дырхаауеит иҿы иҭыҵуагьы хаахартә.
Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2019
Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә
Ажәабжьқәа зегьы
0