Аԥсны агәырбӷьыҵлақәа рыхьчара ахылаԥшра рӷәӷәахоит
19:34 03.12.2024 (ирҿыцуп: 20:38 03.12.2024)
© Sputnik / Александр Вильф
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Аԥсны агәырбӷьыҵлақәа рыхьчара ахылаԥшра рӷәӷәахоит.
Аԥыза-министр и.н. Валери Бганба абри азы адҵа инапы аҵаиҩит:
️Абнахьчаратә нхамҩа аусбарҭа, Аекологиазы аҳәынҭеилакы, АҩАР рнапы ианҵоуп агәырбӷьыҵлақәа рыхьчара ахылаԥшра дырӷәӷәарц, хаԥышәала абнақәа, апаркқәа, ашҭақәа рҿы аԥҟара афактқәа аԥдырҟәҟәааларц, изакәаным аҭирақәа ааныркыларц;
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапы ианҵоуп абҵара 25 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа хымш рахьтә знык еиҵамкәа АҩАР ахь инаргаларц аԥсеи амзеи шаҟа ҵлашьап Аԥсны иалагалоу азы адыррақәа, иара убас урҭ атәыла иалазгалаз рзы адыррақәа;
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланаԥхагараҭарақәеи ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа разгәаҭаразы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа дыргылаларц рабжьгоуп.
Ари адҵа шынарыгӡо ахылаԥшра анапы ианҵоуп Абнахьчаратә нхамҩа аусбарҭеи, Аекологиазы аҳәынҭеилаки, АҩАРи.