https://sputnik-abkhazia.info/20241205/ashanei-karazi-zkhylashua-akhya-rzy-ashysytsti-ausmagata-mayrgoit-1053067165.html
"Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит
"Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 05.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-05T09:00+0300
2024-12-05T09:00+0300
2024-12-05T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1a/1043322579_0:67:1281:787_1920x0_80_0_0_4754137deceb4d5ed8dca87b06b74e38.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. "Кьараз" есышықәса имҩаԥнагоит ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатә "Ассир ҳамтас". Афонд ашьаҭаркҩцәа ируаӡәку Кама Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа излымшо аҭаацәарақәеи социалла иԥсыҽу аҭаацәарақәеи рҟнытә ахәыҷқәа 800-ҩык рҟынӡа алахәхоит. Уажәнатә 150-шәҟәы инареиҳаны иаахьеит. Ԥхынҷкәын 9 инаркны ацхыраара ҟазҵар зҭаху зегьы афонд иадҵааланы асалам шәҟәы ргар рылшоит ахәыҷқәа ргәазыҳәара анагӡаразы. Ашықәс ҿыц аламҭалаз агәыҳалалратә фондқәа хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, аҳамҭақәа рырҭоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1a/1043322579_70:0:1209:854_1920x0_80_0_0_e7730e3014816d3fa23d515e3fa6987c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
"Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
"Сынтәа акциа рхы аладырхәуеит 80-ҩык рҟынӡа, уажәнатә 30-ҩык рҟынтәи ашәҟәқәа аахьеит. Асаламшәҟәқәеи авидеоаацҳамҭақәеи иаразнак ҳсоциалтә даҟьақәа рҿы иҭаҳҵоит. Аӡәыр Аҵаа Бабаду иакәны дҟаларц иҭахызар, ахәыҷы игәазыҳәара анагӡара шәҭахызар афонд адаҟьахь ишәыҩыр шәылшоит, мамзаргьы ԥхынҷкәын 20 рҟынӡа ҳофис шәаҭаа", — ҳәа лҳәеит "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Кьараз" есышықәса имҩаԥнагоит ашықәсҿыцтәи аусмҩаԥгатә "Ассир ҳамтас".
Афонд ашьаҭаркҩцәа ируаӡәку Кама Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа излымшо аҭаацәарақәеи социалла иԥсыҽу аҭаацәарақәеи рҟнытә ахәыҷқәа 800-ҩык рҟынӡа алахәхоит. Уажәнатә 150-шәҟәы инареиҳаны иаахьеит. Ԥхынҷкәын 9 инаркны ацхыраара ҟазҵар зҭаху зегьы афонд иадҵааланы асалам шәҟәы ргар рылшоит ахәыҷқәа ргәазыҳәара анагӡаразы.
Ашықәс ҿыц аламҭалаз агәыҳалалратә фондқәа хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, аҳамҭақәа рырҭоит.