https://sputnik-abkhazia.info/20241209/alashara-aiura-aameikhshara-yts-asny-mragylarati-akhany-iou-aagylazaasha-1053104487.html
Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц: Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу аҭагылазаашьа
Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц: Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу аҭагылазаашьа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. Иахьарнахыс Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз аамҭеихша ҿыц алагалоуп. 09.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-09T12:13+0300
2024-12-09T12:13+0300
2024-12-09T12:13+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1f/1033129517_0:118:1620:1029_1920x0_80_0_0_52f35f41dfa54e5d19142f8c40f02e50.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. Иахьарнахыс Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз аамҭеихша ҿыц алагалоуп. Ҽынла алашара ҟалоит астанциеиҵа аҟынтә ԥшь-сааҭки ҩынҩажәа минуҭи. Асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа афымцамч ԥкрада иҟазаауеит.Гал араионАлашара аиура аамҭеихшара ҿыц алагалара инамаданы Гал ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара еиԥҟьом, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба. Афымцалашара аҟамзаара араионтә хәышәтәырҭа аусура аруадаҩуеит. УЗИ-и арентгени аппаратқәа аус руӡом. "Уи иахҟьаны агенератор ахархәара шаҭахо азҵаара ӡбахоит. Уи аусурагьы ахарџьқәа рацәаны иацуп, ахәшәтәырҭа урҭ ашәароуп", — иҳәеит Адлеиба. Ауааԥсыра ирҭаху ашәҟәқәа рыла реиқәыршәаразы ақалақьтә усбарҭақәа русура аамҭеихша рыԥсахуеит.Очамчыра араионОчамчыра араион ӡыда иаанхаӡом афымцалашара арцәара иахҟьаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа.Габилаиа иажәақәа рыла, араионтә хәышәтәырҭа адизельтә генератор амоуп, апациентцәа ракәзар амбулатортә хәышәтәразоуп амедусҳәарҭа ишадҵаало. Уи аан афымцалашара арцәареи аинтернет аҟамзаареи аусҳәарҭақәа русура ианыԥшуеит.Тҟәарчал араион Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц алагалара инамаданы Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа агенератор ахархәарала аус аурц азы, абылтәы азы мызкы ҩ-миллионк мааҭ аҭаххоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа. Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц Тҟәарчал ауааԥсыра ӡыла реиқәырәшәараҿы ԥырхага анаҭом, аӡы зхала ицо ацәаҳәала илбаауеит иҳәеит Дочиа. Араионтә школқәа рҟны аурокқәа 35 минуҭ рҟынӡа идыркьаҿыр акәхеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1f/1033129517_68:0:1508:1080_1920x0_80_0_0_3883f2593f09e9d72e6c7ae1c56d869e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. Иахьарнахыс Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз аамҭеихша ҿыц алагалоуп.
Ҽынла алашара ҟалоит астанциеиҵа аҟынтә ԥшь-сааҭки ҩынҩажәа минуҭи. Асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа афымцамч ԥкрада иҟазаауеит.
Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц алагалара инамаданы Гал ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара еиԥҟьом, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба.
"Гал ақалақьи араион ӡыла еиқәзыршәо аӡеизакырҭа Речхь ақыҭан иҟоуп, уахьынтә аӡы зхала ицо ацәаҳәала илбаауеит, афымцалашара аҭахӡам. Ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы уадаҩра ҳамам", — иҳәеит иара.
Афымцалашара аҟамзаара араионтә хәышәтәырҭа аусура аруадаҩуеит. УЗИ-и арентгени аппаратқәа аус руӡом.
"Уи иахҟьаны агенератор ахархәара шаҭахо азҵаара ӡбахоит. Уи аусурагьы ахарџьқәа рацәаны иацуп, ахәшәтәырҭа урҭ ашәароуп", — иҳәеит Адлеиба.
Ауааԥсыра ирҭаху ашәҟәқәа рыла реиқәыршәаразы ақалақьтә усбарҭақәа русура аамҭеихша рыԥсахуеит.
Очамчыра араион ӡыда иаанхаӡом афымцалашара арцәара иахҟьаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа.
Габилаиа иажәақәа рыла, араионтә хәышәтәырҭа адизельтә генератор амоуп, апациентцәа ракәзар амбулатортә хәышәтәразоуп амедусҳәарҭа ишадҵаало.
Уи аан афымцалашара арцәареи аинтернет аҟамзаареи аусҳәарҭақәа русура ианыԥшуеит.
Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц алагалара инамаданы Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа агенератор ахархәарала аус аурц азы, абылтәы азы мызкы ҩ-миллионк мааҭ аҭаххоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.
"Абиуџьет аҟны аԥара ҳамаӡам, уи азы агенератор анырҭаху ада аус адмырурц раҳҳәеит", — иҳәеит иара.
Алашара аиура аамҭеихшара ҿыц Тҟәарчал ауааԥсыра ӡыла реиқәырәшәараҿы ԥырхага анаҭом, аӡы зхала ицо ацәаҳәала илбаауеит иҳәеит Дочиа.
Араионтә школқәа рҟны аурокқәа 35 минуҭ рҟынӡа идыркьаҿыр акәхеит.