Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ареспубликатә хәышәтәырҭақәа абылтәы ала еиқәыршәоуп

© Sputnik / Леон Адлейба Открытие Республиканской женской консультации в Сухуме
Открытие Республиканской женской консультации в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Ареспубликатә медусҳәарҭақәа еиԥҟьарада афымцалашарала аиқәыршәаразы уахыки-ҽнаки рыла хә-тоннак абылтәы аҭахәуп иҳәеит Аԥсны ахада ин.н. Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилатәараҟны.
Иара афинансқәа рминистрра адҵа риҭеит амедицинатә маҵзурақәа рзы иҟоу ауалқәа ршәареи ахәшәтәырҭақәа абылтәы ала аиқәыршәареи рзы аусқәа мҩаԥнагарц.
Агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, идуу амедусҳәарҭақәа рҟны агенераторқәа иааԥмырҟьаӡакәа аус руеит, аха дара рылшарақәа ԥкуп. Ареспубликатә хәышәтәырҭазы — ахшараиурҭа, агемодиализ, ахирургиатә ҟәшеи рзы абылтәы аҭаҵәах ҟаҵатәуп.
"Аҭыԥантәи анапхгара рыцхыраара иабзоураны Аҟәа ақалақьтәии аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи агенератор рымоуп. Уи адагьы, адизель рымоуп акьыбачымазаратәии апсихиатриатәии хәышәтәырҭақәа", — иҳәеит иара.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа зымчхара 430-еи 370-еи иҟоу агенераторқәа ҩба рыла еиқәыршәоуп иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба.
Адизельтә генераторқәа рымчала аус руеит ахәшәтәырҭа ахәҭа хада, агемодиализ аҟәша, ахшараиурҭа. Дара сааҭк русура 210 литра абылтәы аҭахуп. Уажәазы ахәшәтәырҭа аҭаҵәахырҭаҿы 10 тоннак абылтәы ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0