https://sputnik-abkhazia.info/20241209/arshba-imadu-ay-idyrbgaz-aourykht-khybra-azint-status-azaara-inyrtsaany-iaakhoit-1053110525.html
Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит
Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит иҳәеит аԥыза-министр... 09.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-09T16:52+0300
2024-12-09T16:52+0300
2024-12-09T16:53+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/09/1053107501_0:0:3640:2048_1920x0_80_0_0_21379fd1bd96a3a2a7702038aee6543a.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит иҳәеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, ари азҵааразы имҩаԥгаз аилатәараҿы.Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аилатәара рхы аладырхәит Аҵара аминистрреи, аспорт азы Аҳәынҭқарратә Еилаки, аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭеи рнапхгаҩцәа рнапынҵақәа назыгӡо.Идырбгаз ахыбраҿы уаанӡа аиқәԥареи атлетика хьанҭеи рзы ашкол ыҟан.Бганба иажәақәа рыла, уаанӡатәи аспорттә хыбрақәа ргәаҭаразы акомиссиа аԥҵахоит иахьа.1914 шықәсазы иргылаз аферментациатә зауад ахыбра ақәгара иалагеит асабша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Ахыбра ақәгара ашәахьанӡа иаанкылан аҭагылазаашьа ҭырҵаанӡа, аха, амҽыша ԥхынҷкәын 9 рзы ахыбра ақәгаразы аусурақәа ирыцҵан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/09/1053107501_455:0:3186:2048_1920x0_80_0_0_53fb449738f332a00910ba91ce31ff25.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит
16:52 09.12.2024 (ирҿыцуп: 16:53 09.12.2024) АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аршба имҩаду аҿы идырбгаз аҭоурыхтә хыбра азинтә статус азҵаара инҭырҳәцааны иҭҵаахоит иҳәеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, ари азҵааразы имҩаԥгаз аилатәараҿы.
Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аилатәара рхы аладырхәит Аҵара аминистрреи, аспорт азы Аҳәынҭқарратә Еилаки, аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭеи рнапхгаҩцәа рнапынҵақәа назыгӡо.
Идырбгаз ахыбраҿы уаанӡа аиқәԥареи атлетика хьанҭеи рзы ашкол ыҟан.
Аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәа Бганба иахь аҳәара ҟарҵеит, ахыбра Аҵара аминистрра азырхынҳәраҿы ацхыраара ҟаиҵарц, иара убасгьы аремонт ахьыҟам иахҟьаны аус зымуа егьырҭ аспорттә хыбрақәа ашәҟәы иҭагалазарц.
Бганба иажәақәа рыла, уаанӡатәи аспорттә хыбрақәа ргәаҭаразы акомиссиа аԥҵахоит иахьа.
1914 шықәсазы иргылаз аферментациатә зауад ахыбра ақәгара иалагеит асабша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Ахыбра ақәгара ашәахьанӡа иаанкылан аҭагылазаашьа ҭырҵаанӡа, аха, амҽыша ԥхынҷкәын 9 рзы ахыбра ақәгаразы аусурақәа ирыцҵан.