Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аратификациа мап ацәкра, аенергетикатә коллапс, аҭоурыхтә хыбра ақәгара

© Sputnik / Марианна Кубрава Здание ферментационного завода Яхиопуло снесли в Сухуме
Здание ферментационного завода Яхиопуло снесли в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik еиқәнаршәеит ареспубликаҿы ԥхынҷкәын 2-8 рыҩнуҵҟа имҩаԥысыз акрызҵазкуа ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны аенергетикатә усхк аҿы аҭагылазаашьа ззеицәахаз, Жәлар Реизара-Апарламент Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аганахь ала иарбан ӡбароу иаднакылаз, Аҟәа ақалақь аҭоурыхтә хыбра арбгара ишақәҿырҭыз Sputnik аматериал аҿы.

Аенергетикатә коллапс

Аԥсны аенергетикатә ҭагылазаашьа еицәахеит. Ԥхынҷкәын 4 рзы, Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара ашьақәыргыларазы аштаб аилатәараҿы аԥыза-министр анапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахар ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьмаҷу инамаданы, ЕгрыГЕС акомплекс аусура аанкылара ашәхымс ихықәгылоуп.
Аԥсны, Урыстәылантәи афымцамч иаарышьҭуа амҽхак иацҵазарц аҳәара ҟанаҵар акәхеит. Убри аан, иазгәаҭан афымцамч ахә ԥхынҷкәын 7 рҟынӡа ишшәоу, уи иахҟьаны аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рулафахәы абҵарамзаахыс ишырмоуц.
Афинансқәа рминистр и.н Владимир Делба иҳәеит, есҽны аенергетикатә усхк аҟны алшарақәа рацәаӡаны ишаго, аҳәынҭқарра,аулафахәы ашәаразы Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥсахразы алшара шамам.
Ԥхынҷкәын 8 рзы "Амшынеиқәафымцамч" алашара аиуразы аихшанҵа ҿыц акьыԥхьит. Уи инақәыршәаны ԥхынҷкәынмза 9 инаркны ҽынла алашара 4 сааҭки 40 минуҭи, уахынла - 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа алашара роуеит атәыла ауааԥсыра.

Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара аҿагылара

Ԥхынҷкәын 3 рзы Апарламент аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иаҿагыланы рыбжьқәа арҭеит.
Адокумент ҩ-миллиард мааҭ иреиҵамкәа аинвестициатә мҽхак змоу апроектқәа назыгӡо Урыстәылатәи анаплакҩцәа рзы альготақәа азыԥхьагәанаҭоит.
Сессия Парламента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2024
Аԥсны
Аԥсны Апарламент аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иақәшаҳаҭымхеит

Аҭыӡшәа цәырзгаз ахәаҷа

Ԥхынҷкәын 6 рзы Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы ацитрус карантинтә хәаҷа трипс здырбалаз амандаринақәа рпартиа аҳәаа иахырмыжьит.
Аԥхьа асоциалтә ҳақәа аԥснытәи рсегмент аҿы ицәырҵит ацитрустә шәырқәа рекспорт зынӡа иаанкылахоит ҳәа аинформациа. Аха "Россельхознадзор" уи мап ацәнакит, иагьазгәанаҭеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ анҭыҵҟа ашьҭра еснагь еиԥш ишымҩаԥысуа.
Ԥхынҷкәын 7 рзы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр и.н. Беслан Џьопуа иҳәеит аԥснытәи ацитрустә шәырқәа мҩанызго амашьынақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы ԥынгылада ишымҩасуа, атрипс егьырҭ аидарақәа рҿы ишырԥымлац.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2024
Аԥсны
Џьопуа еиҭеиҳәеит амандарина зқәу аидарамҩангагақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ишахысуа

Акультуратә мчыбжьы

Ԥхынҷкәын 2 рзы РУСДРАМ аҿы Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа астудентцәа аспектакль "Ауаҩи уи икәша-мыкәша иҟоуи" ықәдыргылеит.
Аклассик диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз аспектакль режиссиорс дыҟан акурс асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски. Шьепкинаа ргастрольқәа рымҩаԥгара алыршахеит апрограмма "Агастроль дуқәеи" Урыстәыла акультура аминистрреи рыбзоурала.
Ахәаԥшцәа иреиӷьу аспектакль ҳәа иалыркааит "Ахьча Махаз". Аспектакль арежиссиор Олесиа Невмержицкаиа даиааит аноминациа "Иреиӷьу арежиссиортә усумҭа" аҿы.
Иреиӷьу ахаҵа ироль ҳәа иалыркааит сер Џьон Фальстаф ироль "Виндзортәи аҳәатәхамҵақәа". Уи дыхәмарит Кирилл Шишкин. Анна Гиурегиан аноминациа "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" аҿы даиааит Аманда Уингфрид "Исаркьалыху агагшәыгҭакырҭа" аҿы лроль азы.
Аҩбатәи аплан арольқәа рзы аиааира ргеит Милана Ломиаԥҳаи Емиль Петрови.
Итоги режиссерской лаборатории Сандро, спектакль Тали - чудо Чегема  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2024
Аԥсны
РУСДРАМ ихыркәшахеит арежиссиортә лабораториа "Сандро"
Витали Қацәба аиааира игеит "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иусура" аҿы, Ирина Уколова — аноминациа "Иреиӷьу акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ иусура", Илларион Пасаниа — аноминациа "Иреиӷьу алашаразы асахьаҭыхыҩ иусура".
Ԥхынҷкәын 7 рзы РУСДРАМ ихыркәшахеит арежиссиортә лабораториа "Сандро".
Атеатр актиорцәеи Шьепкин ихьӡ зху аинститут астудентцәеи ахәаԥшцәа ирыдыргалеит аԥсуа классикцәа рҩымҭақәа рыла иҟаҵоу аескизқәа ԥшьба: Џьума Аҳәба иҩымҭа "Аҵыҵындра", Шьалодиа Аџьынџьал иҩымҭа "Амзаҿа ангыло", Фазиль Искандер иҩымҭақәа "Амшын лакәи" "Тали - Чегемтәи аџьашьахәи".
Аспектакльқәа рышьҭахь, атеатр афоие аҿы ахцәажәара мҩаԥысуан. Аҵыхәтәаны ахәаԥшцәа зегь реиҳа иргәаԥхаз аспектакль рыбжьқәа арҭеит.
Абжьыҭара алҵшәақәа мышқәак рышьҭахь ирылаҳәахоит. Еиҳаны абжьы зауз аескиз 2025 ашықәсазы инаӡоу спектакльны иқәыргылахоит.

Идырбгаз аҭынха

Ԥхынҷкәын 7 рзы, Аҟәа Аршба имҩаду аҿы (уаанӡа Сахаров – азгә.) 1914 шықәсазы идыргылаз ԥыхьатәи аферментациатә зауад ахыбра ықәыргарц рҽазыршәеит. Аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит XX -тәи ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ахыбра Аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рсиа ишахыԥхьаӡалоу, иҷыдоу азин ыҟамкәа ақәгара шалымшо. Аусбарҭа иалшеит аҭагылазаашьақәа зегьы еилкаахаанӡа ахыбра ақәгара аанкылара.
Сангәлиа иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа адҵа шыҟанаҵо, аԥхасҭа зырҭаз ахыбра аиҭашьақәыргылараз.
Аха ԥхынҷкәын 8 рзы ахыбра зегь дара роуп, иқәыргеит. Аҟәа ақалақь апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит ари аус азы аматериалқәа ҭҵааны ахәшьара шанаҭо азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0