Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵабриа ааӡаҩцәа рзы акурсқәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵабриа ааӡаҩцәа рзы акурсқәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рҵарадырра аизырҳаразы акурсқәа имҩаԥыргоит Нхыҵ Кавказтәи афедералтә университет аҟынтәи аспециалистцәа. Аусмҩаԥгатә еиҿкааауп урыстәылатәи ауниверситети Аԥсны аҵара аминистрреи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны. Акурсқәа рымҩасшьеи рхәарҭареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит алахәыла, ахәыҷбаҳча "Алашара" ааӡаҩ Изольда Ҵабриа.
Лара еиҭалҳәеит аҿырԥштәқәа рыла, акурсқәа рҟынтә илго, иаарласны лгәыԥ аҿы лхы иалырхәо.
"Сара сзы даара ихәарҭоуп ас еиԥш аусмҩаԥгатә. Исзымдыруаны схаҿы иаанхаз даара ирацәоуп. Ааӡаҩцәеи ҳареи ҳаимадара иабзоураны ирҿысҵааз ыҟоуп. Сара сԥышәа аҟынтә дара ирзыманшәалахазгьы ҟалеит. Ас еиԥш иҟоу аимадара хәарҭара ацуп ахәыҷқәа рзгьы, арҵаҩцәа рзгьы", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҵабриа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0