Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адепутат дыршьит Аԥсны Апарламент аҿы ахысраан

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Адепутат Вахтанги Гәаланӡиа иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны. Даҽа депутатк, Кан Кәарҷиа, ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсеиқәырхарҭаҿы дышьҭоуп. Уи уаәжы ацхыраара ирҭоит.
Апарламент аҿы ахысра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дрымоуп адепутат Адгәыр Ҳаразиа ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Иара иажәақәа рыла, Ҳаразиа ацәгьоура аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит
Азинхьчаҩцәа Аԥсны ахада и.н. Бадра Гәынба адырра ирҭеит Апарламент аҿы иҟалаз ахысра шыҟалаз атәы.
Аусҭҵаара иалагеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ иаакәыршаны иадыркит, ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.
Гәынба ахысраан ахәрақәа зауз ахьнаргаз Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днеит. Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡои аҳақьым хадеи иара адырра ирҭеит Вахтанги Гәаланӡиа иоуз ахәра дшырхыԥсааз, Кан Кәарҷиа бжьаратәла ихьанҭоу ахәрақәа шиоуз.
Адгәыр Ҳаразиа диит 1959 шықәса жәабран 12 рзы Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭан. 1993 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа аус иуан Гәылрыԥшь араион ахадас, 2002-2003 шықәсқәа рзы аус иуан ақыҭанхамҩа аминистрс. 2014 шықәса жьҭаарамзазы Аҟәа ақалақь ахадас дҟарҵеит. 2019 шықәса жьҭаарамзазы ари амаҵура аанижьит. 2007, 2012, 2022 шықәсқәа рзы – Аԥсны жәлар реизара адепутат. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Адгәыр Ҳаразиа Аҟәа ауаҩы дихәит. Ашьаус хацыркын.
Ажәабжьқәа зегьы
0