Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Есышықәсатәи итрадициатәу ахныҳәара мҩаԥган Лыхны ақыҭан

© Foto / Администрация Гудаутского районаЕжегодное традиционное моление прошло в селе Лыхны
Ежегодное традиционное моление прошло в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу ихадоу аныхақәа быжьба (Абжьныха) – амч ду злоу ҭыԥ ԥшьақәоуп ҳәа ишьоуп. Аныхақәа доусы рныхаԥааҩ дрымоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Есышықәсатәи итрадициатәу ахныҳәара мҩаԥган Лыхны ақыҭан, ԥхынҷкәын 22 рзы.
Аныхаԥааҩы Кәытка Шьаҟрыл Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ааилгазар, есышықәса инеиҭак-ааиҭакуа аԥшьаҭыԥқәа рҟны рыжәлари рыԥсадгьыли рныҳәоит. Ари аныҳәара аныхаԥааҩцәа зегьы алахәуп.
Сынтәа ахныҳәара далахәын Аԥсны ахада ин.н. Бадра Гәынба.
Иааиуа ашықәс азы аныҳәара мҩаԥгахоит Ԥсҳәы ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0