https://sputnik-abkhazia.info/20241226/amshyn-eiay-amazut-alaara-iakhany-afederalt-mkhakyla-iydou-aagylazaasha-rylaoup--1053278044.html
Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп
Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҟәыбантәи... 26.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-26T18:00+0300
2024-12-26T18:00+0300
2024-12-26T22:49+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053231236_0:147:3120:1902_1920x0_80_0_0_dede3780288cc825bac523905d6657cb.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҟәыбантәи АҶА шьаҭас иганы.Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Александр Куренков иахьа анефтаалыҵқәа ахьалаҭәаз аҭыԥ даҭааит. Иара иажәақәа рыла, макьаны аусурақәа рҟынтәи 15% мацара ауп имҩаԥгоу.9,2 нызқь тонна амазут зҭаз амкьаҭӷбақәа "Волгонефть 212", "Волгонефть 239" ԥхынҷкәын 15 рзы аӡааҟәрылара иалагеит. Аиқәырхаҩцәеи ахатәгәаԥхарауааи амшын аԥшаҳәақәа ррыцқьара рхы аладырхәуеит, аҟазауаа аӡымҽхакыраҟынтә анефҭи аӡи реилазаара ықәганы, сорбентла идрыцқьоит, аԥсаатәқәа реиқәырхараз ацентрқәа жәпакы аус руеит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053231236_195:0:2926:2048_1920x0_80_0_0_c82b6fff8543278bdf36735e3e7dbb57.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп
18:00 26.12.2024 (ирҿыцуп: 22:49 26.12.2024) АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Амшын еиқәаҿы амазут алаҭәара иахҟьаны афедералтә мҽхакыла иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҟәыбантәи АҶА шьаҭас иганы.
Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Александр Куренков иахьа анефтаалыҵқәа ахьалаҭәаз аҭыԥ даҭааит. Иара иажәақәа рыла, макьаны аусурақәа рҟынтәи 15% мацара ауп имҩаԥгоу.
"Зегь реиҳа аҭагылазаашьа ахьуадаҩу аҭыԥқәа рҿы, уахгьы-ҽынгьы минуҭкгьы иаанымҿасқәан аусурақәа цоит. Ахатәгәаԥхаҩцәа аплиажқәа ррыцқьарақәа рҟны хәы змаӡам аусурақәа мҩаԥыргоит, ааха зауз аԥсаатә ирыцхраауеит", — иҳәеит иара.
9,2 нызқь тонна амазут зҭаз амкьаҭӷбақәа "Волгонефть 212", "Волгонефть 239" ԥхынҷкәын 15 рзы аӡааҟәрылара иалагеит. Аиқәырхаҩцәеи ахатәгәаԥхарауааи амшын аԥшаҳәақәа ррыцқьара рхы аладырхәуеит, аҟазауаа аӡымҽхакыраҟынтә анефҭи аӡи реилазаара ықәганы, сорбентла идрыцқьоит, аԥсаатәқәа реиқәырхараз ацентрқәа жәпакы аус руеит.