Урыстәыла

Урыстәыла Аусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит аҳаирплан AZAL аҭахара инамаданы

© Foto / из соцсетейСамолет, летевший из Баку в Грозный, разбился в казахском Актау
Самолет, летевший из Баку в Грозный, разбился в казахском Актау - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла Аусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Бақәантәи Грозныиҟа ицоз аҳаирплан AZAL аҭахара инамаданы ҳәа аанацҳауеит Кремль.
Ашьаус хацыркуп "Аҳаиртә транспорт аныҟәареи ахархәареи ршәарҭадаратә ԥҟарақәа реилагаразы" ахәҭаҷ ала.
"Аусҭҵаара мҩаԥысуеит, аграждантәии арратәии аспециалистцәа рҿахәҿыхра иаҿуп", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Иахьа Урыстәыла ахада Владимир Путин азербаџьантәи иколлега Ильхамом Алиеви иареи ҭелла еицәажәеит, иара аҳаираплан амашәыр Урыстәыла аҳаир ҵакыраҿы иахьыҟалаз аҭамзаара шьҭеиҵеит.
Аиҿцәажәараҿы иазгәаҭан аҳаирплан AZAL Грозныи атәара акырынтә аҽазнашәеит, аха уи аамҭазы Чечентәыла аҳҭнықалақьи, Моздоки, Владикавкази украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ажәылара мҩаԥыргон, урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа урҭ рҭархара иаҿын.
Путин иҭахаз рҭаацәа дрыдышшылеит, ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьеишьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0