Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Ҷлоу абӷанҷмҩақәа ахьынӡарҽеиз, афымца ахә алгара зеиԥшроу

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Ҷлоу абӷанҷмҩақәа ахьынӡарҽеиз, афымца ахә алгара зеиԥшроу
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа аҳаблақәа руак аҟны ааигәа амҩа ҟаҵан. Иарбан усурақәоу имҩаԥгаз, иааизакны ақыҭазы 2024 -тәи шықәсаз зеиԥшраз, уадаҩрақәас ирныԥшуа, еихьӡарас ирымоу уҳәа абарҭқәа ртәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.
Ҷлоу аҩныҵаҟа 73 километра амҩақәа ыҟоуп акаҭран зқәу аламҵакәа, аҳаблақәа 7 ҳәа иҳәеит ақыҭа ахада. Есышықәса амҩақәа аус рыдырулоит, сынтәа аҳаблақәа 6 ирхысхьан, ааигәа абыжьбатәи аҳаблаҟны иҟоу амҩагьы дырҽеит иҳәеит ақыҭа ахада.
"Аҳаблақәа фба ҳархысхьан. Ҳаблак "Ҳәыбзага" ҳәа иҳамоуп, уи хәыҷык аҿаҩарахь иҟоуп, амҩа ҭагылазаашьа уадаҩын, 25 ҭӡы рҟынӡа инхоит, ашкол ахь автобус уа мышкы ҩынтә ииасуеит. Аҭагылазаашьа уадаҩын, араион ацхыраарала амҩақәа ҟаҵаны ҳалгеит", - иҳәеит Сангәлиа.
Иара иажәақәа рыла, хымш рыҩнуҵаҟа абӷанҷ ықәыԥсаны излауаз ала амҩақәа дырҽеит.
"Абӷанҷмҩа ирлас ибжьысуеит, убри аҟынтә шықәсык ахь знык, аиаша уҭахызар, ҩынтәгьы ианахыстәу ыҟоуп, аха аҭагылазаашьа шыҟоу ала, ԥсыхәа ахьынӡамоу, есышықәса урҭ амҩақәа ҳарҽеиуеит", - иҳәеит Сангәлиа.
Афымца ахә алгара азҵаара дазааҭгыло, Ҷлоу ақыҭа ахада иҳәеит сынтәа 70% рҟынӡа арбагақәа шыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0