Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кан Кәарҷиа аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ҭаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКан Кварчия
Кан Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит Кан Кәарҷиа аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа 2000 еиҵамкәа, 2500 еиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа еизыргароуп.
Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит, анаҩс акандидатцәа рышәҟәҭагалара 10-мш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит.
Уи аԥхьа АКХ аҟны ашәҟәы иҭагалан аԥшьгаратә гәыԥқәа фба, дара ашәҟәы иҭаргалеит: атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Урыстәыла Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакс иҟаз Олег Барцыц, аоппозициа ахаҭарнак Адгәыр Арӡынба, Агәаҭаратә палата уаанӡатәи аиҳабы Роберт Аршба, "Амшынеиқәаҿтәи Абанк ҿиара" ахантәаҩы Адгәыр Хәырхәмал, Беслан Кәыҵниа. "Аԥсны Жәлар рпартиа" Шамиль Аӡынба ахадарахьы икандидатура ықәнаргылеит.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0