Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит афонд "Ашана" ахь еиҳаны аԥаратә лагала аныҟаҵаз иарбан шықәсоу

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит афонд "Ашана" ахь еиҳаны аԥаратә лагала аныҟаҵаз иарбан шықәсоу
Анапаҵаҩра
Акультура - гәыразратә фонд "Ашана" азы иҳаҩсыз 2024-тәи ашықәс зеиԥшраз, згәабзиара иацхраатәу ахәыҷқәа рыхәшәтәра шеиҿыркаауаз, афонд имҩаԥнагоз еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа атәылауаа ахьынӡақәҽырҭуаз, арадио Sputnikаефир аҟны еиҭалҳәеит "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 2024 шықәсазы ԥхынҷкәынмза аламҵакәа зегь раасҭа еиҳаны аԥара еизган, лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
"Егьырҭ ашықәсқәа урыхәаԥшуазар, зегь раасҭа еиҳаны 2022 шықәсазы 16 миллион мааҭ инареиҳаны еизаҳгахьан. Уи иреиҳау хыԥхьаӡараны иҳаԥхьаӡон, аха иҳаҩсыз ашықәс азы ԥхынҷкәынмза аламҵакәа 42 миллион мааҭ аизгара ҳалшеит. Ари зегь раасҭа ацхыраара зылшаз шықәсны иҳаԥхьаӡар алшоит ҳусураҟны", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Лара иазгәалҭеит даараӡа ихҭыс бзианы ишыҟалаз Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәшәтәразы ауаа агәыразра, аидгылара ахьаадырԥшыз, усҟан мчыбжьык иалагӡаны еизган 25 миллион мааҭ.
Иҳаҩсыз ашықәс азы атәыла анҭыҵынтә Аԥсныҟа иааԥхьаз аҳақьымцәа -ортопедцәа 200 ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәарҭеит, аҭыԥаҟны 20 ԥҟара инацны имҩаԥган, лҳәеит Џьынџьалԥҳа. Лара убасгьы еиҭалҳәеит ахәыҷтәы ԥсихиатриа аганахьала иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥгаз аус атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0