Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба еиҭеиҳәеит, Аԥсни уи акәша-мыкәшеи имҩаԥысуаз аполитикатә хҭыс хадақәа ртәы

Ҳагба еиҭеиҳәеит, Аԥсни уи акәша-мыкәша имҩаԥысуаз аполитикатә хҭыс хадақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы иҳаҩсыз ашықәсан иҟаз аполитикатә хҭыс хадақәа дырзааҭгылеит, урҭ рнырра атәы далацәажәеит.
Ашықәс анҵәамҭазы Аԥсны иҟалаза ахҭысқәа угәы унархьуеит, исҭахуп ҳазҭалаз ашықәс ҭынчзарц ҳәа иҳәеит иара.
Аполитолог иҳәеит 2024 -тәи ашықәс алхрақәа рыла ишбеиаз, иазгәеиҭеит ҳара ҳзы ишыхадаз Урыстәыла имҩаԥысуаз алхрақәа. Иҳәеит, Аԥсны изышьақәымгылаз атәыла ҳәа ахьӡ анҳау, Урыстәыла даҽакала ахы шымҩаԥнаго.
Ҳагба иажәақәа рыла, Аԥсны аполитикатә культура ԥсыҽхеит, аицәажәаратә культура лаҟәхеит. Уи зыхҟьо, насгьы ҳахькылнагар алшо атәы далацәажәеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0