https://sputnik-abkhazia.info/20250110/aniaa-eialeit-riati-apark-aaara-aus-any-2024-shysazy-iaz-aiaraa-rty-1053363543.html
Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаара аус аҟны 2024 шықәсазы иҟаз ақәҿиарақәа ртәы
Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаара аус аҟны 2024 шықәсазы иҟаз ақәҿиарақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Иҳаҩсыз ашықәс азы Риҵа амилаҭ парк аҟны имҩаԥгаз аекспедициақәа, узызҿлымҳахаша ԥшаахқәас ирԥыхьашәаз, рхыдҵақәа ахьынӡарзынагӡаз, гәҭакқәас ирымоу уҳәа... 10.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-10T16:00+0300
2025-01-10T16:00+0300
2025-01-10T16:29+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/06/1053363639_0:0:1281:721_1920x0_80_0_0_e8f9b51629f3e41a7ae43a61d060bba6.jpg
Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаара аус аҟны 2024-шықәсазы иҟаз ақәҿиарақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаара аус аҟны 2024-шықәсазы иҟаз ақәҿиарақәа ртәы
Иҳаҩсыз ашықәс азы Риҵа амилаҭ парк аҟны имҩаԥгаз аекспедициақәа, узызҿлымҳахаша ԥшаахқәас ирԥыхьашәаз, рхыдҵақәа ахьынӡарзынагӡаз, гәҭакқәас ирымоу уҳәа абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭ парк аҭҵаарадырратә ҟәша аиҳабы Инга Ҭаниаԥҳа.Аҵарауаҩ илҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы ҿыцны ихадараны имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа асы ахҩара адинамикеи аԥсабаратә шәарҭарақәеи рхылаԥшреи ишрыдҳәалаз, убасгьы ишацырҵаз русура аԥсабареи аԥстәқәеи рхылаԥшра инадҳәаланы. Ҭаниаԥҳа дазааҭгылеит Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура, еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аԥсабара абзиабара рылааӡаразы еиҿыркаауа ауснагӡатәқәа."Даара гәахәала иаҳҳәаратәы ҳаҟоуп Ауадҳара ишқәыргылоу аҳауатә станциа. Уи аус адиулоит Тәанба Ҭемыр. Ари аметеостанциа ҳарҭеит Урыстәылатәи аилахәра "Минимакс". Ари ашықәс азы аус шауа, аинформациа шҳнаҭо гәаҳҭоит. Риҵа иҳамоу астанциа уажәшьҭа бжьышықәса иреиҳаны аус ауеит, уи Аекологиа аинститут ахь адыррақәа цоит, ҳарҭгьы ҳхы иаҳархәоит. Ҳамҩақәа, ҳаԥхьаҟа атуризм зышьақәгылаша азы адыррақәа ҳнаҭоит", - лҳәеит Ҭаниаԥҳа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/06/1053363639_35:0:1170:851_1920x0_80_0_0_6445a15b3eb51e7f872ba98c7afe4029.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаара аус аҟны 2024 шықәсазы иҟаз ақәҿиарақәа ртәы
16:00 10.01.2025 (ирҿыцуп: 16:29 10.01.2025) Иҳаҩсыз ашықәс азы Риҵа амилаҭ парк аҟны имҩаԥгаз аекспедициақәа, узызҿлымҳахаша ԥшаахқәас ирԥыхьашәаз, рхыдҵақәа ахьынӡарзынагӡаз, гәҭакқәас ирымоу уҳәа абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭ парк аҭҵаарадырратә ҟәша аиҳабы Инга Ҭаниаԥҳа.
Аҵарауаҩ илҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы ҿыцны ихадараны имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа асы ахҩара адинамикеи аԥсабаратә шәарҭарақәеи рхылаԥшреи ишрыдҳәалаз, убасгьы ишацырҵаз русура аԥсабареи аԥстәқәеи рхылаԥшра инадҳәаланы. Ҭаниаԥҳа дазааҭгылеит Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура, еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аԥсабара абзиабара рылааӡаразы еиҿыркаауа ауснагӡатәқәа.
"Даара гәахәала иаҳҳәаратәы ҳаҟоуп Ауадҳара ишқәыргылоу аҳауатә станциа. Уи аус адиулоит Тәанба Ҭемыр. Ари аметеостанциа ҳарҭеит Урыстәылатәи аилахәра "Минимакс". Ари ашықәс азы аус шауа, аинформациа шҳнаҭо гәаҳҭоит. Риҵа иҳамоу астанциа уажәшьҭа бжьышықәса иреиҳаны аус ауеит, уи Аекологиа аинститут ахь адыррақәа цоит, ҳарҭгьы ҳхы иаҳархәоит. Ҳамҩақәа, ҳаԥхьаҟа атуризм зышьақәгылаша азы адыррақәа ҳнаҭоит", - лҳәеит Ҭаниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.