Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын

© Foto / МИД АбхазииПосол Абхазии в Венесуэле Заур Гваджава принял участие в церемонии инаугурации президента Николаса Мадуро.
Посол Абхазии в Венесуэле Заур Гваджава принял участие в церемонии инаугурации президента Николаса Мадуро.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АдәАР.
Каракас иҟоу Афедералтә закәанԥҵаратә хан аҟны имҩаԥысуаз аҭоубашьҭаҵара иалахәын 125 тәыла рхаҭарнакцәа, иара убас атәылаҟны аккредитациа змоу адипломатцәа.
Николас Мадуро атәыла дахагылеит 2013 шықәсазы. 2024 шықәса рашәарамзазы имҩаԥысуаз алхрақәа рылҵшәақәа рыла, иара хәышықәса ҳәа атәыла хадас деиҭалхын. Венесуела Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәса рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0