https://sputnik-abkhazia.info/20250114/logua-ayankhama-aiara-aprogrammazy-daara-izyzkhytsny-iaou-akoup-1053389354.html
Логәуа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: даара изызхәыцны иҟаҵоу акоуп
Логәуа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: даара изызхәыцны иҟаҵоу акоуп
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аминистр иабжьгаҩ Алик Логәуа арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит 2024 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡашьа атәы, уи иамоу... 14.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-14T11:30+0300
2025-01-14T11:30+0300
2025-01-14T12:11+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/0c/1053389188_0:0:3640:2048_1920x0_80_0_0_e91de72450b3082000fad7b29d1675d2.jpg
Логәуа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: даара изызхәыцны иҟаҵоу акоуп
Sputnik Аҧсны
Логәуа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: даара изызхәыцны иҟаҵоу акоуп
Логәуа иажәақәа рыла, 2012 шықәса раахыс 450 миллион мааҭ азоужьуп ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма. Ари даара акыр изызхәыцны иҟаҵоу программоуп ҳәа азгәеиҭеит Логәуа. Иара еиҭеиҳәеит апрограмма хылаԥшра азҭо акомиссиа аус шауа атәы, апроектқәа ралкаара шцо, анхацәа рҟынӡа ацхыраара шнеиуа.Логәуа иҳәеит ашықәс иалагӡаны 379-ҩык ауаа ацхыраара шроуз. Апрограмма анхацыркхоз хықәкы хаданы иқәгылаз ируакуп, аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны иамаз ацитрус ааӡарахь аиасра ҳәа азгәеиҭеит иара. Анхацәа рҟны уи ахырхарҭа иаҳа аԥыжәара амоуп.170 гектар адгьыл ҿыц аус адулан анхацәа рганахьала. Ақыҭанхамҩа аминистр иабжьгаҩ далацәажәеит ауаа иаадрыхуа атәы.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/0c/1053389188_495:0:3226:2048_1920x0_80_0_0_fa4982c559d5de868834ff59067b96d7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Логәуа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: даара изызхәыцны иҟаҵоу акоуп
11:30 14.01.2025 (ирҿыцуп: 12:11 14.01.2025) Ақыҭанхамҩа аминистр иабжьгаҩ Алик Логәуа арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит 2024 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡашьа атәы, уи иамоу алҵшәақәа, иааидкыланы анхацәа адгьыл аус шадыруало атәы.
Логәуа иажәақәа рыла, 2012 шықәса раахыс 450 миллион мааҭ азоужьуп ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма. Ари даара акыр изызхәыцны иҟаҵоу программоуп ҳәа азгәеиҭеит Логәуа. Иара еиҭеиҳәеит апрограмма хылаԥшра азҭо акомиссиа аус шауа атәы, апроектқәа ралкаара шцо, анхацәа рҟынӡа ацхыраара шнеиуа.
Логәуа иҳәеит ашықәс иалагӡаны 379-ҩык ауаа ацхыраара шроуз. Апрограмма анхацыркхоз хықәкы хаданы иқәгылаз ируакуп, аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны иамаз ацитрус ааӡарахь аиасра ҳәа азгәеиҭеит иара. Анхацәа рҟны уи ахырхарҭа иаҳа аԥыжәара амоуп.
170 гектар адгьыл ҿыц аус адулан анхацәа рганахьала. Ақыҭанхамҩа аминистр иабжьгаҩ далацәажәеит ауаа иаадрыхуа атәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.