https://sputnik-abkhazia.info/20250117/adunei-ayrsiantsa-aaakhra-amsh-azgararany-ioup-1053424821.html
Аԥснытәи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭараны иҟоуп
Аԥснытәи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭараны иҟоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Қьырса Иӡаахра Аныҳәа азы ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны аныҳәара мҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә... 17.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-17T16:34+0300
2025-01-17T16:34+0300
2025-01-17T16:34+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037204578_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_4bb2f2243568bb32721e247af6cf7fd1.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Қьырса Иӡаахра Аныҳәа азы ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны аныҳәара мҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы, аб Виссарион.Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура адыррала, жәабран ажьырныҳәамза 18 рзы Каман ақыҭан аҳақьымцәа ргәыԥ ҷаԥшьалоит, иара убасгьы арԥхагатә ҭыԥқәа еиҿкаахоит.Қьырсаныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп. Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037204578_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_aa04657bddc8af23d3f589b14845a922.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥснытәи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭараны иҟоуп
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Қьырса Иӡаахра Аныҳәа азы ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны аныҳәара мҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы, аб Виссарион.
Аб Виссарион иажәақәа рыла, ари амш аҽны аӡқәа зегьы ԥшьахоит, Аԥснытәи аиашахаҵаратә қьырсианцәа аӡиасқәа рымацара ракәымкәа, амшын аҿгьы рыҽӡаархыр рылшоит ҳәа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура адыррала, жәабран ажьырныҳәамза 18 рзы Каман ақыҭан аҳақьымцәа ргәыԥ ҷаԥшьалоит, иара убасгьы арԥхагатә ҭыԥқәа еиҿкаахоит.
Қьырсаныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп. Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.