https://sputnik-abkhazia.info/20250117/asny-aprokuror-khada-inn-alkhrat-kampania-aetapa-rkhylashra-razarts-ada-aieit-1053420309.html
Аԥсны апрокурор хада ин.н. алхратә кампаниа аетапқәа рхылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит
Аԥсны апрокурор хада ин.н. алхратә кампаниа аетапқәа рхылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны алхратә кампаниа аетапқәа зегьы рҿы аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы азакәан аҭахрақәа шынарыгӡо азы апрокуратуратә... 17.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-17T12:35+0300
2025-01-17T12:35+0300
2025-01-17T12:35+0300
аԥсны
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/08/1050090939_0:82:1569:965_1920x0_80_0_0_fb08e6f66111775c6685a763bdf6e77d.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны алхратә кампаниа аетапқәа зегьы рҿы аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы азакәан аҭахрақәа шынарыгӡо азы апрокуратуратә хылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.Апрокурор хада ихаҭыԥуаа, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәеи араиони рыпрокурорцәа, иара убас егьырҭ иҷыдоу апрокуратурақәа ируалуп:Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы. Аԥсны Алхратә комиссиа адаҿы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/08/1050090939_87:0:1482:1046_1920x0_80_0_0_d7302f00ea68ab6e9c0767b872cdb959.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025, аԥсны
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025, аԥсны
Аԥсны апрокурор хада ин.н. алхратә кампаниа аетапқәа рхылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны алхратә кампаниа аетапқәа зегьы рҿы аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы азакәан аҭахрақәа шынарыгӡо азы апрокуратуратә хылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа
ҟаиҵеит апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.
Апрокурор хада ихаҭыԥуаа, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәеи араиони рыпрокурорцәа, иара убас егьырҭ иҷыдоу апрокуратурақәа ируалуп:
алхрақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рус аҿы азакәантәа аиқәыршәара;
асоциалтә еиҿагылара аизҳареи алхратә процесс ашьақәҟьареи ралмыршаразы асоциалтә усхк аҿы атәылауаа рзинқәа реилагара иаразнак азхьаԥшра рзура;
алхратә комиссиақәеи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи руалԥшьақәа рыԥсахра апрокурорцәа азин рымҭара;
азакәан иҳәаақәнаҵаз аамҭа иалагӡаны ашшрақәа ианаамҭоу рыхәаԥшра аиҿкаара;
алхратә закәанԥҵара аилагара аарԥшхар, апрокуратуратә уснагӡатәқәа зегьы ианаамҭоу рхархәара ахылаԥшра;
алхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы ишьақәыргылоу аԥҟара еилазго ацәгьоурақәа рзы иаразнак Апрокуратура Хада анапхгара адырра рыҭара.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы. Аԥсны Алхратә комиссиа адаҿы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.