https://sputnik-abkhazia.info/20250117/eitsyrdyrua-akhya-chamaguaa-amuzikant-aaraua-afolklorist-iuana-shamba-izkny-1053423360.html
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Чамагәуаԥҳа амузикант, аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Чамагәуаԥҳа амузикант, аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны
Sputnik Аҧсны
Амузыкаҭҵааҩ, аҵарауаҩ-афольклорист, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ- аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Иуана Шамба диижьҭеи 75 шықәса ҵит иахьа... 17.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-17T15:44+0300
2025-01-17T15:44+0300
2025-01-17T15:44+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/11/1053423638_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_298145ea26edc9359a08e2ca56ad5c5d.jpg
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Чамагәуаԥҳа амузикант, аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Чамагәуаԥҳа амузикант, аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны
Амузыкаҭҵааҩ, аҵарауаҩ-афольклорист, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ- аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Иуана Шамба диижьҭеи 75 шықәса ҵит иахьа. Иара далгахьан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, Саратовтәи аконсерваториа. Иуана Сафар -иԥа аамҭак азы ашәа иҳәон Аҳәынҭқрратә хортә капеллаҿы, дирижиорс дыҟан Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҿы, ансамбль "Риҵа" асахьаркыратә напхгаҩыс, адирижиорс, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы еиҿикаахьан ансамбль "Уарада", Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи афронт аҟны акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рвзвод адҵаҟаҵаҩс дыҟан, напхгара аиҭон Аҟәатәи амузикатә ҵараиурҭа. Иуана Шамба арадио Sputnik аефир аҿы дылгәалалыршәеит Аԥсны Жәлар рартистка, ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа."Аԥсуа қыҭақәа дрылсны ажәлар рашәақәа реизгара ихықәкын. "Аԥсуа жәлар рашәақәа" ҳәа 1986 шықәсазы ишәҟәы ҭыҵит. Уи ауаҩы дзыргәырӷьо ауп, ашәҟәы иананыла иӡӡом урҭ ашәақәа. Аԥсуа жәлар рҟазараҟны даара ихәарҭа дуны иҟоу шәҟәны иҭижьит, имал дууп", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа. Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/11/1053423638_160:0:2891:2048_1920x0_80_0_0_a2c8e43024536100e4765c527e3b94b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Чамагәуаԥҳа амузикант, аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны
Амузыкаҭҵааҩ, аҵарауаҩ-афольклорист, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ- аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Иуана Шамба диижьҭеи 75 шықәса ҵит иахьа. Иара далгахьан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, Саратовтәи аконсерваториа. Иуана Сафар -иԥа аамҭак азы ашәа иҳәон Аҳәынҭқрратә хортә капеллаҿы, дирижиорс дыҟан Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҿы, ансамбль "Риҵа" асахьаркыратә напхгаҩыс, адирижиорс, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы еиҿикаахьан ансамбль "Уарада", Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи афронт аҟны акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рвзвод адҵаҟаҵаҩс дыҟан, напхгара аиҭон Аҟәатәи амузикатә ҵараиурҭа.
Иуана Шамба арадио Sputnik аефир аҿы дылгәалалыршәеит Аԥсны Жәлар рартистка, ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа.
"Аԥсуа қыҭақәа дрылсны ажәлар рашәақәа реизгара ихықәкын. "Аԥсуа жәлар рашәақәа" ҳәа 1986 шықәсазы ишәҟәы ҭыҵит. Уи ауаҩы дзыргәырӷьо ауп, ашәҟәы иананыла иӡӡом урҭ ашәақәа. Аԥсуа жәлар рҟазараҟны даара ихәарҭа дуны иҟоу шәҟәны иҭижьит, имал дууп", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.